Print this page

Арепатриантцәа рзы агарантиеи ашәахтә зинҷыдеи

Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы арепатриантцәа ирымоуп ашәахтә зинҷыда ишьақәырӷәӷәоу азакәанҧҵара инақәыршәаны.

 

Арепатриантцәа рхатәы мал ахьчара  алзыршо азинтә гарантиақәа.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ишьақәырӷәӷәоуп арепатриантцәа рхатәы мал азы абарҭ агарантиақәа; аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи рҿынтә агарантиақәа;

 

арепатриант изинтә ҭагылазаашьа еицәазтәуа азакәанҧҵаратә актқәа рыдрымкыларц азы азы агарантиақәа;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчратә органқәеи урҭ рмаҵурауааи арепатриант изинтә   ҭагылазаашьа аилагаразы имҩаҧыргарц иҟало аусқәа рацәыхьчаразы  агарантиақәа.

 

Аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи алзмыршо агарантиақәа

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриантцәа рхатәы мал аҳәынҭқарратәреи ареквизициа азуреи ҟалаӡом Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа рҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа раан ада, насгьы урҭ Аҧсны Аҳәынҭҭқарра амилаҭтә шәарҭадареи, мамзаргьы ауаажәларратә интересқәеи ианырзынархоу.

 

Аҳәынҭқарратәреи ареквизициеи рымҩаҧгашьа аҧҟарақәа шьақәырӷәӷәахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа инарықәыршәаны.

 

Аҳәынҭқарратәреи ареквизициа азуреи ҟалар, усҟан арепатриант иаарласны уи хазырҭәааша, ахәҧса иазааигәоу акомпенсациа ирҭоит. Арепатриант ирҭо акомпенсациа иҳәынҭқаррартәыз, мамзаргьы ареквизициа иахрыжьыз ихатә мал аҳәынҭқарратәреи, мамзаргьы ареквизициа рзы аӡбра адкылараан  аамҭазы изыҧсаз ахәҧса иаҟаразар ауп. Акомпенсациатә хәҧса аҳәаанырцәҟа аиагара аан ахшәаатәы ргаӡом.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә органқәа аҳәынҭқарратәреи ареквезициеи рзы ирыдыркылаз аӡбара иақәшаҳаҭым дшақәшаҳаҭым азы  ашәҟәы Аҧсны Аҳәынҭқарратә аӡбарҭатә органқәа рахь иалеиҵар ҟалоит. Арепатриант ихатә мазара аҳәынҭқарратәреи ареквизициа ахыжьреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа аусӡбарҭаҿы рыӡбара иалагоит ашшыҧхьыӡ аналагалаз амш инаркны бжьымш ирхымгакәа.

 

Арепатриант ихатә  мал  азинтә ҭагылазаашьа  еицәазтәуа актқәа рыдкылара ҟамларц азы агарантиақәа

 

Ари азакәан азинмчра  анаиу ашьҭахь   ирыдыркылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан иахҟьаны Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант ихатә мазара азинтә ҭагылазаашьа еицәахар, еицәахеит ҳәа Аҧсны Аҳәынҭқарра аусӡбарҭатә органқәа рҿы ишьақәырӷәӷәахар, арепатриант иҭагылазаашьа еицәазтәыз азакәан азинмчра анаиуз  аамҭазы арепатриант истатус зырҭаз арепатриантцәа уи азинмчра иамоу  рҧырхагахаӡом.

 

Ари ахәҭаҷ аҧҟарақәа хархәара рыҭахаӡом ауаажәларратә шәарҭадареи ауаажәларратә хеиҿкаарақәеи, ауааҧсыра руаҩышәаратә ҭагылазаашьақәеи, ауаҩы игәабзиареи иҧсҭазаареи, аҧсабара ахьчареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәлар ркультура-ҭоурыхтә мазареи, акраахәаҩ иинтересқәа рыхьчареи, ашәахтәқәҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарымаданы ишьақәгылоу азинтә еизыҟазаашьақәа рҿы.

 

Арепатриант изинтә ҭагылазаашьа еилазго Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчратә органқәеи, урҭ  рмаҵурауааи русқәа арепатриант  дацәызыхьчаша агарантиақәа.

 

Арепатриантцәа азин рымоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчратә органқәеи урҭ рмаҵурауааи имҩаҧыргоз аусқәа ирыхҟьаны  аҧхасҭа ироуз ахарҭәаара.

 

Аҧхасҭа ахарҭәаара алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра аусӡбарҭатә органқәа рыҟны имҩаҧгахо аусеилыргараҿы ирыдыркыло аӡбара ашьаҭала.