Ԥхынгәымза 25 рзы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟынтә рҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааит Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша астудентцәа. Ҳџынџьуаа ара рыҟазаара иалагӡаны иазгәаҭоуп Аҧсны аҭоурых, акультура, аҵас-ақьабз еиҳа инарҭбааны аилкаара, иара убас аҧсуа жәлар рынхара-рыбзазара лабҿаба абара. Арахь иааз астудентцәа ирыцуп рҭаацәа. Даара гәахәарыла иҳадаҳкылоит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл иахьаҭааз, агәыӷрагьы ҳамоуп урҭ араҟа рыҧсшьарамшқәа бзианы ирхыргап ҳәа. Мҩамш!