Ҭырқәтәылантәи зҭруоыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа, иахьа, ақалақь фырхаҵа - Гәдоуҭа иаҭааит. Ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз рыхьӡала иргылоу абаҟақәа рымҵан. Анаҩс, С. П. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ахь инеит. Уатәи рныҟәарақәа рҟны дара алшара рыман амузеи злашьақәгылоу еиуеиҧшым аҟәшақәа рбара, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан 2023 ш. рзы амҳаџьырқәа рыхьӡвла иаартыз азал. Амузеи аҭааҩцәа лабҿаба ирбеит Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи Аҧсадгьыл зыхьчоз ҳџьынџьуаа рфотосахьақәа, рысалам шәҟәқәа, хаҭалатәи рышәҵатәқәа. Акультурктә хан аҟны ҳџьынџьуаа ирзеиҿкаан аконцерт.
Иара убас, иахьа, аҿар Лыхны ашҭахь имҩахыҵит, жәытә-натә аахыс ҳажәлар рҭоурыхтә лахьынҵа ахьырыӡбоз, еиуеиҧшым агәырӷьаратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ахьымҩаҧырго аҭыҧ џьашьахәыс ирыдыркылеит. Алагер иалахәу аҿар, Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнографиатә парк "Аҧсны" иаҭааит. Апрограмма ахықәкы хада - аҧсуаа рҭоурых, ркультура, рыбзазара инҭырҳәыцааны аилкаара.