Print this page

Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рметодикатә центр "Аӡыхь", ҳџьынџьуаа рзы еиҿнакааит аҧсуа бызшәазы иаарту ахәмарратә урок.

20 Нанҳәа 2025

Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рметодикатә центр "Аӡыхь", ҳџьынџьуаа рзы еиҿнакааит аҧсуа бызшәазы иаарту ахәмарратә урок. Абар, уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки зыӡбахә ҳәоу ацентри аҧсуа бызшәа ирласны аҵаразы апрограммақәа аус рыдырулоижьҭеи. Арҵаратә процесс мҩасуеит онлаин аформат еиҧш, офлаин аформат алагьы. Апрограмма иаанарҧшуа алҵшәа аҩаӡара ҳаракуп, уи ус шакәу зҳәо аҿырҧшқәа рацәоуп.