Print this page

Нанҳәа мза 9 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дырҧылеит Аҧсны зыҧсшьарамшқәа мҩасуа Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа

20 Нанҳәа 2025
Нанҳәа мза 9 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дырҧылеит Аҧсны зыҧсшьарамшқәа мҩасуа Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа. Аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» апроект ҳәаақәҵоуп Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы абзоурала.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу апроект аҵак ду шамоу ҳаимадара арӷәӷәара аус аҟны, иара убас аҿар рыҧсадгьыл абзиабареи апатриотизмреи рылааӡараҟны акыр ишыцхыраагӡоу.
«Аҧсуа дахьыҟазаалакгьы идыруазароуп ҭоурыхтә ҧсадгьыл заҵәык шимоу, Аҧсны еснагь ишизыҧшу, иабацәа рабацәа рыдгьыл гәыблыла дшаднакыло»,- иҳәеит Б. Гәынба.
Иазгәаҭатәуп, ҳазҭоу ашықәс азы арограмма хетапкны ишышьақәгылоу, актәи аетап иалахәын 80-ҩык аҿар Ҭырқәтәылантәи, аҩбатәи - 70-ҩык Нхыҵ - Кавказынтәи , ахҧатәи агәыҧ - ҩаҧхьа Ҭырқәтәылантәи иаауа ҳдиаспора.