Print this page

Аҧхынтәи аҧсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь» аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алахәцәа аҭааит Афон Фыц ақалақь

21 Нанҳәа 2025
Аҧхынтәи аҧсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь» аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи алахәцәа аҭааит Афон Фыц ақалақь. Аҿар аҭагылазаашьа рыман ақалақь аҭоурыхтә ҭыҧқәа лабҿаба абара, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Афонҿыцтәи аҳаҧы, иара убас амилаҭтә культуратә ҭынхақәа. Ас еиҧш аинтерес зҵаз аныҟәара, асасцәа даара гәахәарыла ирыдыркылеит.
Иазгәаҳҭоит, аҧхынтәи аҧсшьаратә лагер «Ахьышьҭрахь» аҩбатәи агәыҧ ишалахәу 70-ҩык Нхыҵ - Кавказынтәи иааз аҿар. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны, хымҧада ргәалашәараҟны иаанхаша ахҭысқәа рацәахоит, аибабара иахылҿиаауа агәыбылра еснагь анарха шаиуа агәра ҳгоит.