Print this page

Нанҳәамза 24 азы аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа

02 Цәыббра 2025

Нанҳәамза 24 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ҳџьынџьуаа ражәақәа рыла, рыҧсадгьыл лабҿаба иахьырбаз ргәы азнарҳаит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аҧсны мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа ирҭаауеит, рыжәлантәқәеи дареи еибабоит, ргәалаҟазаара шҭызхуа, арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.