Print this page

Нанҳәамза 23 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аофициалла аусура хацнаркит

02 Цәыббра 2025
Нанҳәамза 25 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аофициалла аусура хацнаркит. Уи иалахәуп
Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа ҧсшьара иааз ҳашьцәа хәыҷқәа. Дара Аҟәа ақалақь ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан, амҳаџырқәа рыхьӡала Амшын Еиқәа аҿықәан игылоу абаҟаҿы, иара убас Ешыра ақыҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориалтә комплекс иаҭааит.
Анаҩс, агәыҧ алахәцәа аҭааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, иара убас аботаникатә баҳча. Ҳџьынџьуаа зҭааз аҭыҧқәа зегьы рыҧшӡара акыр ихнахит.
Аҿар рхыҧхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҧсны рыҧсшьарамшқәа гәахәала ирхыргарц ақәҿиарақәа рзеиӷьаҳшьоит. Алагер аусура ҳәаақәнаҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.