Print this page

Абызшәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр "Аӡыхь" аҧхынтәи алагер иалахәу ҳџьынџьуаа рзы имҩаҧнагеит аҧсуа бызшәа арҵаразы иаарту аурок ахәмарратә методика ахархәарала

02 Цәыббра 2025
Иахьа, абызшәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр "Аӡыхь" аҧхынтәи алагер иалахәу ҳџьынџьуаа рзы имҩаҧнагеит аҧсуа бызшәа арҵаразы иаарту аурок ахәмарратә методика ахархәарала. Иара убас, аҧхынтәи алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар алшара рыман Аҟәа ақалақь амаамын ааӡарҭа абара. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара амаамынааӡарҭатә усбарҭа аколлектив иҭабуп ҳәа рарҳәоит иаадырҧшыз аҧхарра зҵоу адкыларазы.
Ишәгәалаҳаршәоит, сынтәатәи аҧхынра иалагӡаны ари ахҧатәи аҿар ргәыҧ шакәу Аҧсныҟа ҧсшьара иаауа. "Ахьышьҭрахь" иалахәу Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь аҟны рыҟазаара даара гәахәала ирыдыркылеит.