Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти рхеилак ахантәаҩы аизара мҩаԥыигеит

26 Ажьырныҳәа 2021

Ажьырныҳәа мза 25 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти рхеилак ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Багаҭелиа Асҭамыри, ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Хәтаба Инали, Аԥсны Аҳәынҭқарра апрофессионалтә бокс Афедерациа апрезидент Альберт Карди-Огли, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Низам Хапати рыбжьара аиԥылара мҩаԥигеит.

Бақырқьеи ақалақь аҟны иҟоу анапхгара, акультуреи асоциалтә зҵаарақәеи рыҟәша аиҳабы Саит Бабаоглу иҟынтә, Багаҭелиа Асҭамыр
агәаларшәагатә ҳамҭа Џьамал Гәбаз ииҭеит. Саит Бабаоглу агәаҳәара ду ааирԥшит Аԥсны дшаҭаалак еиԥш хаҭала Џьамал Гәбаз дышиабадыруа, иара убасгьы наҟ-наҟтәи русқәа аимадаразы азҵаарақәа ишрылацәажәо.