Print this page

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аспециалист хадас даҭоуп Ашәба Сырма

04 Хәажәкыр 2021

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аспециалист хадас даҭоуп Ашәба Сырма Павел-иԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факәльтет ажурналистика аҟәша даушьҭымҭоуп.  20 шықәса инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы ҳџьынџьуаа ирызку адырраҭарақәа аус рыдылулоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аԥсуа Радио атематикатә ҟәша «Аԥсадгьыл Абжьы» редактор хадас дыҟоуп.