Print this page

Марттəи ажəылараҿы иҭахаз ҳаибашьцəа ргəаларшəара иазку ауснагӡатə

16 Хәажәкыр 2021

Иахьа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы анапхгаҩцəеи аусзуцəеи ашəҭ шьыҵəрақəа шьҭарҵеит Аҟəа ақалақь ҳаибашьцəа анышə иахьамадоу  Ахьӡ-аҧша абаҳчаҟны. Иргəаладыршəеит  1993 шықəса мартмза 15-16 рзы  Гəымысҭатəи афронт ала  Аҟəа ақалақь ахақəиҭтəразы имҩаҧгаз ажəылараҿы иҭахаз ҳфырхацəа, иара убас хабарда ибжьаӡыз ҳаибашьцəа.

Анаҩс, рхы аладырхəит  ақалақь Фырхаҵа -Гəдоуҭа  агəаны игылоу иҭахаз аибашьцəа рбаҟа амҵан имҩаҧгаз алахьеиқəҵаратə уснагӡатə. Иара убас, иаҭааит аҳəаанырцəынтəи зҭоурыхтə ҧсадгьыл бџьаршьҭыхла изыхьчоз ҳџьынџьуаа-аибашьцəа анышə иахьамадоу аҳаҭгəын. Иазгəаҭатəуп, 28 шықəса раҧхьа  Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы Аҧсны Аруаа имҩаҧыргаз ажəылара ҳҭоурых адаҟьақəа рҿы  итрагедиатə хҭысны ишанхо.