Print this page

Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп Ибраҳим Аҩӡба

18 Хәажәкыр 2021

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп Аҩӡба Ибраҳим Ҳиџьран-иҧа.

Ибрагим Аҩӡба, Ҭырқəтəылантəи иҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь дааит 1993 шықəса рзы.

Иара еиуеиҧшым аҳəынҭқарратə усбарҭақəа рҿы аус иухьеит. Иаҳҳəозар, Аҧсны Атəылахьчара аминистрраҿы, Аҳəынҭқарра ахьчаратə маҵзураҿы. Аҧсны Аҳəынҭқарра раҧхьатəи Ахада Владислав Арӡынба еснагь иааигəа дыҟан, имаҵзуратə уалҧшьа гəыла-ҧсла дазнеиуеит.

Дҭаацəароуп, ҩыџьа арҧарцəа драбуп.