Print this page

Акороновирус аҟынтә Аҧсны авакцинациа иалагоит лаҵарамза 12 инаркны

13 Лаҵара 2021

Аҧсны атәылауаа Ковид-19 аҟынтә авакцинациа рзура иалагоит "Спутник V"  апрепарат ала лаҵарамза 12 инаркны. Абри атәы иҳәеит арадио Спутник Аҧсны аефир ала Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Ҩардан.

Урыстәылатәи авакцина "Спутник  V" раҧхьатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааган мшаҧымза 30 рзы, 6, 5 нызқь доза.