Print this page

Рамадан аныҳәа

13 Лаҵара 2021

Ҳаҭыр зқәу аҧсылман динхаҵаҩцәа, ҳџьынџьуаа! Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит иҧшьоу Рамадан аныҳәа ахыркәшара. Ҳазшаз илҧха шәыцзааит, илаҧш шәхызааит, ҭаацәацыҧхьаӡа шәыҩнаҭақәа лашазааит, агәырӷьа-ччара агымзааит. Шәыҧсадгьыли шәыуаажәлари шәрыгымзааит. Ҽааныбзиала, ҽааныҧшӡала шәнеиааит!