Print this page

Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу Анатолиатәи аҵараиурҭахь адкылара аартуп

19 Лаҵара 2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы алаҳәара ҟанаҵоит, Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу Анатолиатәи аҵараиурҭахь абитуриентцәа рхыԥхьаӡаларазы адкылара шаарту.
Арзаҳал ахарҭәааразы ҵаҟа иарбоу азҵаабӷьыц ахь шәиасыр шәылшоит.
https://forms.gle/W8ZGqoEtwWuY6zfy8
Арзаҳалқәа рыдыркылоит лаҵарамза 26.05.2021 шықәсанӡа. Инарҭбаау аинформациазы шәадҵааларц шәылшоит иарбоу аномер ала:
+7 (940) 995-49-95