Print this page

Олег Етлухов Жәларбжьаратәи алитературатә премиа далауреатхеит

26 Лаҵара 2021

Лаҵарамза 25 рзы Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ҳџьынџьуаҩ Олег Етлухов Жәларбжьаратәи алитературатә премиа ианашьара мҩаҧысит.

Олег Адыль-Гиреи-иҧа абаза ҵарауаҩуп, шәҟәыҩҩуп, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дркандидатуп, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩуп, иҧсадгьыл аҿаҧхьа иуалҧшьазы ианашьоуп "Ахьӡ-Аҧша" аорден аҩбатәи аҩаӡара, Ҟарачы-Черқьесски Аҧсни рҟынтә иара раҧхьатәи шәҟәыҩҩуп ас еиҧш аҳамҭа ҳаракы занашьоу.
Гәык-ҧсык ала идаҳныҳәалоит, изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аҭаацәаратә маншәалара, арҿиаратә гәацҧыҳәара.