Print this page

Ачыс хаақәа рныҳәа

01 Рашәара 2021

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аҧшьгарала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысыз "Ачыс хаақәа рныҳәа" ихы алаирхәит Ҭырқәтәылантәи жәохә шықәса раҧхьа Аҧсныҟа нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ Озқан Хәаҧшыхә.

Абар, иара уажәшьҭа хәышықәса иреиҳауп ас еиҧш Аҧсны имҩаҧысуа аицлабра ихы алаирхәуеижьҭеи. Ацәыргақәҵа аҟны ҷыдала еиҿкаауп иара иаалыҵ аҭыҧгьы. Инапы иҵижьуа ачысхкқәа иреиуоуп мрагыларатәи ахаа-мыхақәа. Урҭ ргьама хаа збарц агәаҳәара змоу шәадҵааларц шәылшоит адәқьан, абри аҭыӡҭыҧ ала: ақ. Аҟәа, Ешба имҩа, 171.