Print this page

Аҧснытәи апрофессионалтә боксиор Москва ақалақь аҟны Аҧсны ӡыригоит

25 Рашәара 2021

Рашәарамза 27, 2021ш.рзы Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуеит УСК "Крылья Советов" захьӡу арофессионалтә бокс атурнир. Иазгәаҭоу атурнир аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала дықәгылоит апофессионалтә боксиор, Аҧсны еизгоу акоманда алахәыла Енвер Бзаӷәа.

Адебиуттә реитингтә қәҧараҿы ҳџьынџьуаҩ Енвер Бзаӷәа диҧылоит аурыс боксиор Виктор Конкин. Аиҧылара еиҿнакааит "Шамо Боксинг Промоушен". Ишиашоу ицо аефир шәахәаҧшырц шәылшоит Аҧсуа телехәаҧшрала, иара убас, ателеканал "Спортивный" ала. Иахьымҩаҧысуа аҭыӡҭыҧ: ақ.Москва, Белоруссиатәи аметро, Ленинградтәи апроспект, 24А, УСК "Крылья Советов". Алагамҭа 16:00 !