Print this page

Аҧснытәи апрофессионалтә боксиор Енвер Бзаӷәа Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуаз атурнир аҟны Аиааира игеит

27 Рашәара 2021

Аҧснытәи апрофессионалтә боксиор Енвер Бзаӷәа  Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуаз атурнир аҟны Аиааира игеит.

Иахьа, рашәарамза 27рзы,

Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуаз  УСК "Крылья Советов" захьӡу апрофессионалтә бокс атурнир  аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгылоз апофессионалтә боксиор,

ҳџьынџьуаҩ Енвер Бзаӷәа аурыс боксиор Виктор Конкини иареи ахьеиндаҭлоз, Енвер Бзаӷәа Аиааира игеит.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала Енвер Бзаӷәа гәык-ҧсык ала идаҳныҳәалоит! Аҧхьаҟагьы аихьӡарақәа рацәаны изыҧшызааит!