Print this page

Ԥхынгәымза 12 инаркны Аԥсны COVID-19 алаҵәара инамаданы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит

09 Ԥхынгәы 2021

Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҟны короновирусттә ҿкы чымазара Ковид-19 еиҭа аизҳара инамаданы, ҧхынгәымза 12 инаркны акультура аусҳәарҭақәа рыҟны аԥкрақәа ҟалоит. Абри атәы аҳәоит аминистрра асаит аҟны икьыԥхьу акультура аминистр Гәдиса Агрба Идҵа.

«Ԥхынгәымза 12 инаркны иаанкылазааит атеатрқәа, амузеиқәа, ашәҟәыҧхьарҭақәа, акультуратә центрқәа, аконцерттә, ацәыргақәҵатә залқәа, ансамбльқәа, аҵараиуратә усҳәарҭақәа русура», - аҳәоит адокумент

Ари аԥхьа аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала ԥхынгәымза 5 инаркны Аҧсны иалагалан аресторанқәа рыҟны ачаратә, агәырӷьаратә, аныҳәатә, алахьеиқәратә, иара убас егьырҭ амассатә усмҩаԥгатәқәа рзы аԥкрақәа.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рыҩныҵҟала короновирус ҿкы чымазара рыхьит 179-ҩык. Аԥсны апандемиа алаҵәара ианалага инаркны ачымазара зыхьыз рхыԥхьаӡара иартәоит 18 341-ҩык, 256-ҩык ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит.