Print this page

Хазреҭ Совмен Аԥсны ацхыраара ҟаиҵеит короновирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥараҟны

09 Ԥхынгәы 2021

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны короновирустә ҿкы еиҭа аҽарӷәӷәеит, амҽхак арҭбаауа иалагеит. Абри инамаданы, Адыгеиа Ареспублика ҧасатәи Ахада Хазреҭ Совмен

короновирустә ҿкы иаҿагыланы ақәҧаразы, иара убас ҳтәыла азинхьчаратә усбарҭақәа адгылара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны 50 млн. мааҭ аиҭеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Хазреҭ Совмен иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иааирҧшуа аиҩызареи иҟаиҵо ацхыраареи рзы.