Print this page

НАНҲӘАМЗА 15 ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ЕИБАШЬУАЗ ИРЫМШУ

15 Нанҳәа 2021

Есышықәса нанҳәамза 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. Ишдыру еиԥш,  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит 1992 шықәса, нанҳәамза 14 рзы, адырҩаҽныҵәҟьа Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтә ҳтәыла иаҭааит  раԥхьатәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз арԥарцәа ргәыԥ.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи ари амш аҽны иргәаладыршәоит  Аԥсны амцашыра ианалагылаз, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи, Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтә иааны иҳацибашьуаз ҳџьынџьуаа.  

Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа инарҷыданы, ақырҭқәа ирҿагыланы хатәгәаԥхарала еибашьуан Урыстәылеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҟынтәи еиуеиԥшым амилаҭқәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз  1992ш.-1993ш.рзы ҳтәыла ахьчара иааит 2000-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, урҭ рахьтә 51-ҩык «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵоуп, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык аибашьцәа «Агәымшәаразы амедал». Аибашьра цонаҵы иҭахеит 260-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала еибашьуаз.