Print this page

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟалаз атерракт инамаданы идашшылара

20 Жьҭаара 2021

Шьамтәылатәи Арабтә Республика   Ахада Башар-аль-Ассад иахь

Шәара шәахь исымоу аҳаҭыр шаҳаҭра азуа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика  аҳҭнықалақь Дамаск иҟалаз атерракт инамаданы гәыла-ҧсыла сшәыдгылоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы  Шьамтәыла аҭыҧ змаз арыцҳара ауаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит, иагьақәыӡбоит. Аҳәара ҟасҵоит иҭахаз рҭаацәа  ҳашрыдгыло ҳазрашәҳәарц, иара убас ааха зауз иаарласны агәабзиара роурц азеиӷьашьара шыҟаҳҵо.

Ахада А. Бжьаниа