Print this page

Аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы имҩаҧысуа аицлабра

29 Жьҭаара 2021

Аҧсни уи анҭыҵи инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи арепатриантцәеи рыбжьара онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы имҩаҧысуа аицлабра лхы алалырхәит Иалса Аҭрышҧҳа.

Иалса Аҭрышҧҳа илхыҵуеит жәашықәса. Дынхоит Аҟәа ақалақь аҿы. Аицлабра зхы алазырхәырц зҭаху зегьы шәвидеонҵамҭақәа ҳарзыҧшуп. Иалса лакәзар, аманшәалара лзеиӷьаҳшьоит.