Print this page

Аицлабраҿы аиааира

08 Абҵара 2021

Жьҭаарамза 31 рзы ихыркәшан онлаин ала  аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы еиҿкааз аицлабра.

Ишьақәыргылоуп аҧхьахәтә ҭыҧқәа хҧа. Аицлабраҿы аиааира ргеит: Аҭрышҧҳа Иалса, ақ. Аҟәа,  Маанҧҳа Сылеи  Маан Ардеи, ақ. Есқьишьеҳир. Аицлабраҿы аиааира згаз иаарласны аҳамҭақәа ранашьахоит.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы онлаин ала  аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьара иазкыз аицлабра зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ранаҳәоит.