Print this page

"Сара саҧсыуоуп" - Џьанкат Чкәуа

10 Ԥхынкәын 2021

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаҧшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара «Сара саҧсыуоуп».

Адырраҭара изкуп ақәыԥшцәа рабиԥара иаҵанакуа ҳџьынџьуаа иреиуоу Џьанкат Чкәуа. Дшыхәыҷыз Аԥсны иааӡаз, зхатәы бызшәа зҵаз арԥыс иахьа иԥсадгьыл ашьапылампыл асҩыцәа азиааӡоит, дырҵаҩуп, ҩыџьа аԥацәа драбуп. "Ақыҭа ԥсҭазаара сгәы азыбылуеит, схәыҷқәагьы уи агәыбылра сымардоит, насгьы ҳаԥсадгьыл еиқәырханы измоу абызшәеи аҵасқәеи дырӡыр ҟалаӡом",- иҳәоит Џьанкат Чкәуа.