Print this page

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа бизнесменцәа рассоциациа ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа иаарҭиит агәыҳалалратә цхыраара.

30 Абҵара 2022

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала, даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа бизнесменцәа рассоциациа ахаҭарнакцәа, 500 цыра аӡынтә шәҵатәқәеи ашьаҵатәқәеи ахьаарҭиз азы.

*Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа бизнесменцәа рассоциациа аԥҵан 2022ш. рзы, алахәцәа ракәзар, хылҵшьҭрала иаԥсацәоуп.