Имҩаҧысыз алхрақәа ирылҵшәаны, Кавказтәи Афедерациа Ахадас далхуп Иунал Ҳалав. Уаанӡа Кавказтәи Афедерациа хантәаҩра азиуан Иумиҭ Шоген.
Анкара имҩаҧысуаз ажәеизатәи Аизара ду Аҧснынтә рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа напхгара зиҭо аделегациа. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Басҭаҟәа Агрба, асоциал-адаптациатә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа ихьӡала,
Асҭамыр Багаҭелиа еизаз Аҧснынтә асалам рыҭауа, адныҳәаларатә шәҟәы дырзаҧхьеит, иара убас Шәлиман Цыба исахьа зну аҧсар ҳамҭас иранеишьеит.
Иахьа, иара убас Анкара ақ. аҟны еиҿкаау Аҧсуа культуратә центр аиҳабы Уур Мыҭ- иҧеи Аҧснытәи аделегациеи реиҧылара мҩаҧысит. Уаҟа ирзааҭгылаан арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилаки акультуратә хеидкылеи аҧхьаҟатәи русеицзура атәы.