Print this page

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90ш.ахыҵит

01 Ԥхынкәын 2023
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧҵан 1933ш. рзы. Сынтәа уи иахыҵит 90ш. Ҳтәыла аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы, Аҧснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҵак ду змоу аҭыҧ ааннакылоит, ҳтәыла акультуратә ҧсҭазаара активла иалахәуп. Иара убас, қәҿиарала аусура нанагӡоит, еизҳауа абиҧара ашәҟәаҧхьарахь ихьазырҧшуа аинтерес зҵоу апроектқәа еиҿнакаауеит, аҿар апатриоттә ҟазшьақәеи адоуҳатә беиареи рыланааӡоит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи аусзуратә еилазаареи гәык-ҧсык ала ирыдныҳәалоит. Ирзеиӷьаршьоит арҿиаратә еихьӡарақәеи аманшәалареи. Аҵак ду змоу ари арыцхә ҳтәыла аҭоурых аҟны иныҳәатә мшны иаанхоит.