Print this page

Аҳәаанырцәынтәи зыҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Очамчыра ақалақь иаҭааит

08 Нанҳәа 2024

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, аҧхынтәи алагерь "Ахьышьҭрахь" алахәцәеи , Очамчыра ақалақь аҟны, 1992-1993ш.ш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала иргылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Р. А. Ҵәыџьба ихьӡ зху Акультура аҩнаҟны асасцәа рзы еиҿкаан ихаҭәааз аконцерттә программа. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны ироуз аҧхарра агәахәара рнаҭеит.