Лаҵарамза 21 рзы 161 ш. ҵит Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи.
Аибашьра иалаӡит зықьҩыла ҳауаажәлар, аҧышәара ӷәӷәа аамҭа иҭанаргылеит ҳхылҵшьҭрақәа аӡәырҩы. Ас еиҧш иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс аҧсуа жәлар нырцәи-аарцәи ҳәа еиҟәнашеит, иҟоуп зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхақәаз, иҟоуп зыҧсадгьыл иаҟәыгақәазгьы. Ҭырқәтәылаҟа иагаз аубых хылҵшьҭрақәа 45 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, асаӡқәа ракәзар - 20 нызқьҩык инареиҳаны. Азеижәтәи ашәышықәса аамҭа иалагӡаны Аҧсынтәыла аанрыжьыр акәхеит 400 нызқьҩык рҟынӡа ауаа. Есышықәсеиҧш сынтәагьы амҳаџьырқәа рыхьӡала Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы игылоу абаҟа амҵан еизоит атәыла анапхгара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашкол аҵаҩцәа, астудентцәа, арепатриантцәа, ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ргәаладыршәарц.
Аофициалла аусмҩаҧгатәқәа хацыркхоит 19:30 рзы, С. Багаҧшь ихьӡ зху Ашҭаҟынтә амҳаџьырқәа рбаҟа ахьгылоу аҟынӡа иазгәаҭоуп афакелтә ныҟәара, иара убраҟа иаркхоит ацәашьы «Ашьамаҟа». Аусмҩаҧгатәқәа рхыркәшамҭазы амшын аҟәараҿы еиқәҵахоит «Нарҭаа рымца», иара убас амшын ихҵахоит ашәҭқәа.