Print this page

3 рашәарамза , Гәылрыҧшь араион Дранда ақыҭан Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала еиҭарҿыцын ахәыәҷбаҳча "Ҟәараса".

23 Рашәара 2025

Иахьа, Гәылрыҧшь араион Дранда ақыҭан имҩаҧысит агәырӷьаратә усмҩаҧгатә. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала еиҭарҿыцын ахәыәҷбаҳча "Ҟәараса". Ахәыҷбаҳча аартра иазкыз аофициалтә усмҩаҧгатә иалахәын арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара. Аҵак ду змоу ари ахҭыс акырӡа игәахәароуп аҭыҧантәи ауааҧсыра рзы, избанзар ахәыҷбаҳча ҳаамҭазтәи ахархәара иақәшәо иҟаҵоуп, ашколқәра иаҵанамкуа ахәыҷқәа аҵара дырҵареи рааӡареи рзы аҭагылазаашьа бзиа аҧнаҵоит.