Рашәарамза 22 рзы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Сҭампыл ақалақь аҟны еиҿкаау Аҧсуа культуратә центрқәа рыбзоурала еиҿкаан акультуратә усмҩаҧгатә. Аконцерттә программа иалахэын Сҭампылтәи Аҧсуа культуратә центр еиҿнакааз ҳџьынџьуаа злахәу акәашаратә ансамбль "Ридада". Ҩсааҭк инареиҳаны ицоз аконцерттә программа акыр ихаҭәаан, уахь иаҵанакуан агәалаҟазаара бзиа узҭоз атеатралтә қәыргыламҭақәа. Ахәаҧшцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан арҭ амшқәа рзы усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааз Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиа, аилак аиҿкаара-азинтә усбарҭа аиҳабы Аслан Сангәлиа.