Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнакраҟны имҩаҧысит Аҧснытәи аделагациеи, ахаҭарнакра анапхгареи, ҳџьынџьуааи злахәыз аилатәара. Уаҟа ирзааҭгылан аҧхынтәи аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь" иадҳәалоу аиҿкааратә усқәа. Ирылацәажәан алагер алахәцәа шәҟәыла реиқәыршәара, иара убас етапла адкыларатә усқәа ицәырыргоз азҵаарақәа. Актәи аетап азгәаҭоуп ҧхынгәымза анҵәамҭа-нанҳәамза алагамҭазы, зынӡа иалахәу рхыҧхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә 40-ҩык Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа аҟынтә, 40-ҩык Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациа аҟынтә. Авизақәеи, иахәҭоу ашәҟәқәеи реиқәыршәара мҩаҧысуеит Урыстәылатәи аҳәаа ахысразы иаҧҵоу азакәан инақәыршәаны, уи амч аиуеит рашәарамза 30 инаркны. Ахаҭарнакра алша