АЖӘАБЖЬҚӘА

Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Иунал Халавеи, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиеи, аилак аиҿкаара-азинтә усбарҭа аиҳабы Аслан Сангәлиеи Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысит реиҧылара
Рашәара 27, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиеи, аилак аиҿкаара-азинтә усбарҭа аиҳабы Аслан Сангәлиеи, Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Иунал Халавеи реиҧылара. Уаҟа ирзааҭгылан есышықәса арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакаауа аҧхынтәи аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь 2025" иадҳәалаз азҵаатәқәа. Ҳазҭоу ашықәс азы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы иазҧхьагәаҭан иамоуп хетапкны ишьақәгылоу аҧхынтәи алагер амҩаҧгара. Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа...

Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысит Фаина Матуаҧҳа авторс дызмоу адокәменталтә фильм "Сыхьҭашьуеит" ахҧатәи ахәҭа аӡыргара
Рашәара 27, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысит Фаина Матуаҧҳа авторс дызмоу адокәменталтә фильм "Сыхьҭашьуеит" ахҧатәи ахәҭа аӡыргара. Убри алагьы ихыркәшахеит зымҽхак ҭбааз аӡыргаратә проект. Афильм ахҧатәи ахәҭа хьӡыс иамоуп "Илабҿабахаз аҧхыӡ", уи акырӡа аҵанакуеит ҳҭоурыхи ҳкультуреи рыхьчареи рӡыргареи аусхк аҟны. Афильм азкуп 1992-1993 ш.ш. рзы Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны бџьаршьҭыхла зҭоурыхтә ҧсадгьыл зыхьчоз хатәгәаҧхарала еибашьуаз аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнакраҟны имҩаҧысит Аҧснытәи аделагациеи, ахаҭарнакра анапхгареи, ҳџьынџьуааи злахәыз аилатәара. Уаҟа ирзааҭгылан аҧхынтәи аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь" иадҳәалоу аиҿкааратә усқәа
Рашәара 27, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны ахаҭарнакраҟны имҩаҧысит Аҧснытәи аделагациеи, ахаҭарнакра анапхгареи, ҳџьынџьуааи злахәыз аилатәара. Уаҟа ирзааҭгылан аҧхынтәи аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь" иадҳәалоу аиҿкааратә усқәа. Ирылацәажәан алагер алахәцәа шәҟәыла реиқәыршәара, иара убас етапла адкыларатә усқәа ицәырыргоз азҵаарақәа. Актәи аетап азгәаҭоуп ҧхынгәымза анҵәамҭа-нанҳәамза алагамҭазы, зынӡа иалахәу рхыҧхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьтә 40-ҩык Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа аҟынтә, 40-ҩык Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациа аҟынтә...

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аделегациа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз аԥсуа диаспора ркультуратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит
Рашәара 24, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Рашәарамза 22 рзы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Сҭампыл ақалақь аҟны еиҿкаау Аҧсуа культуратә центрқәа рыбзоурала еиҿкаан акультуратә усмҩаҧгатә. Аконцерттә программа иалахэын Сҭампылтәи Аҧсуа культуратә центр еиҿнакааз ҳџьынџьуаа злахәу акәашаратә ансамбль "Ридада". Ҩсааҭк инареиҳаны ицоз аконцерттә программа акыр ихаҭәаан, уахь иаҵанакуан агәалаҟазаара бзиа узҭоз атеатралтә қәыргыламҭақәа. Ахәаҧшцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан арҭ амшқәа рзы усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааз Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы...

Арҭ амшқәа рзы Аҧснытәи аделегациа аусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааит
Рашәара 24, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Арҭ амшқәа рзы Аҧснытәи аделегациа аусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааит. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иабжьгаҩ Вадим Ҳаразиа, аилак аиҿкаара-азинтә усбарҭа аиҳабы Аслан Сангәлиа. Аидеологиатә ҟазшьа шьаҭас измоу аусура аамҭа иалагӡаны иазгәаҭоуп Ҭырқәтәыла еиҿкаау аҧсуа культуратә хеидкылақәа рнапхгаҩцәеи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Ирылацәажәараны иҟоуп Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы имҩаҧнаго апроект "Ахьышьҭрахь 2025...

Михаил Валери-иԥа Габелиа Арепатриациатә Фонд анагӡаратә наԥхгаҩыс дҟаҵоуп
Рашәара 24, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Боџьгәуа Афонд анапхгаҩ ҿыц аусзуцәа дыдирдырит. Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара аиқәшаҳаҭрала Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы адҵала Михаил Валери-иԥа Габелиа Арепатриациатә Фонд анагӡаратә наԥхгаҩыс дҟаҵоуп.

Аԥсны аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи Раԥхьатәи Ахада ифонд аҟынтәи зыхә ҳараку аекспонатқәа рыла ихарҭәаахеит
Рашәара 24, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Аҧсны Раҧхьатәи Ахада ифонд, О. Беигуаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурых амузеи ҳамҭас ианаҭеит В. Арӡынба иҧсҭазаареи, иҭҵаарадырратә, иполитика-ҳәынҭқарратә усзуреи зныҧшуа ашәҟәқәа, альбомқәа, ақьаадҽыҭқәа. Аҳамҭақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Аҧсны Раҧхьатәи Ахада иусутә уада аҟнытә аҟәардә. Арҭ зегьы уажәшьҭа, аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурых азы експонатқәоуп. Иаарласны аҭааҩцәа дырбара иазырхиахоит. Иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада ифонд аиҳабы Светлана Ирадион-иҧҳа Џьергьениаҧҳа, убасгьы афонд аусзуҩцәа зегьы.

3 рашәарамза , Гәылрыҧшь араион Дранда ақыҭан Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала еиҭарҿыцын ахәыәҷбаҳча "Ҟәараса"
Рашәара 23, 2025 АЖӘАБЖЬҚӘА
Иахьа, Гәылрыҧшь араион Дранда ақыҭан имҩаҧысит агәырӷьаратә усмҩаҧгатә. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала еиҭарҿыцын ахәыәҷбаҳча "Ҟәараса". Ахәыҷбаҳча аартра иазкыз аофициалтә усмҩаҧгатә иалахәын арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара. Аҵак ду змоу ари ахҭыс акырӡа игәахәароуп аҭыҧантәи ауааҧсыра рзы, избанзар ахәыҷбаҳча ҳаамҭазтәи ахархәара иақәшәо иҟаҵоуп, ашколқәра иаҵанамкуа ахәыҷқәа аҵара дырҵареи рааӡареи рзы аҭагылазаашьа бзиа аҧнаҵоит.