ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Арепатриантцәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан

(Аҧсахрақәа алагаланы, абҵарамза 8, 2005 шықәса № 1167-с – XIV, 25 атом )

 

 

Ахәҭаҷ 1. Арепатриантцәа  (ҳџьынџьуаа) 

 

Ирепатриантцәоуп (ҳџьынџьуаа) ҳәа иазхаҵахоит – хылҵшьҭрала иаҧсуаау (абаза), аурыс-кавказтәи, аурыс- ҭырқәатәи  аибашьрақәа, иара убас XIX ашә. аҭыҧ змаз егьырҭ ахҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә нхарҭа дгьылқәа ирыхцаны иҟаз, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашҟа ахынҳәра азин зауз аҧсуаа (абаза) ари Азакәан аҧҟара инақәыршәаны. (Абҵара, 8, 2005 шықсазтәи аредакциа, № 1167-с - XIV9.

 

Ахәҭаҷ 2. Арепатриантцәа  рзинқәа.

 

    Арепатриант истатус змоу ауаа ирымоуп :

 

аҧсҭазааразы, аӡәгьы дрыламкьысырц  азы азин; дарбанзаалакь Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы иҟоу арепатриант хаҧызарала иҭакра ҟалаӡом, мамзаргьы ахылаҧшыҩцәа идгаланы иаанкылара;  арепатриант ахақәиҭра ицәырӡра залшаӡом Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵараҿы ишьақәырӷәӷәоу аҧҟарақәеи анормақәеи ирықәшәо аҭагылазаашьақәа раан заҵәык ада;

 

хаҧызарала, мамзаргьы азакәан аилагарала рхатәы ҧсҭазаара аҽалагалара аҟнытә ихьчазарц азин; рыҩни ргәареи, салам шәҟәылатәи  реимадарақәеиеи аӡәгьы даламкьысырц азы азин;

 

аусӡбарҭақәа рҿаҧхьа аиҟарара азин, ада ҧсыхәа аныҟам – Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы аусеилыргара аан хәыҧсада, аиҭагаратә усқәа рҿы ацхыраара иҭара азин;

 

аҭаацәара аҧҵара азин; аҭаацәара алалара аан ахала аҩыза лалхра азин;

 

азини, аламыси рзы азин; агәаанагареи, ахшыҩзцареи рҳәара азы азин; ахатә дин ақәныҟәара азин; агәрахаҵарақәа рзы аиҵакрақәа ҟалар алшоит ауаажәларратә шәарҭадара ахьчареи, ауааҧсыра ргәабзиареи, ауаҩышәареи, мамзаргьы Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы иҟоу егьырҭ ауаа рзин хадақәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара мотивс измоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи аҧҟарақәеи  инарықәыршәаны ;

ахатәы бызшәа, акультура, атрадициа, аиқәырхара азин;

 

ажәла иаҧсуаны аиҭашьақәыргылара азин;

 

хатәы бызшәала аҵара  азин;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуратә ҧсҭазаара ахалархәра азин;

 

аҵарадырра аиура азин;

 

уаанӡа инхарҭа ҭыҧаҿы ишьҭикааз азанааҭ ала аусура азин;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟнытә ҧықәсыларада џьара ацара;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы ҧырхагада аиҭанеиааира, анхарҭа ҭыҧ алхра азин, ари азин аиҵакра алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан  амацара инақәыршәаны;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы Аҧсны  Аҳәынҭқарра аҳәынҭ6қрратә мчратә органқәа   ианаҭаху азин инақәаршәаны рыхьчара азы азин;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҿы еиҭаҵуеи еиҭамҵуеи амазара амазаара азин Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ишьақәырӷәӷәоу атәылауаҩратә кодекс инақәыршәаны;

 

Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы азакәан инақәыршәаны еснагь инхо арепатриантцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны рхы иадырхәоит абарҭ азинқәа;

 

Аизарақәа  рымҩаҧгара азин Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵарала ишьақәырӷәӷәоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны;

 

ишәарҭадароу  аусуратә  ҭагылазаашьа амазаара, аџьаус иахәҭоу ахәҧса аиура азин, аусуразы  аҳаҭырқәҵаратә хылаҧшрақәа раиура  азин еилых ҟамҵакәа;

 

азанааҭеидгыларақәа, егьырҭ аиҿкаарақәа, ма ассоциациақәа ралахра азин,  хатәы гәаҧхарала  русура аҽалархәра азин Аҧсны  Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны;

агәабзиара ахьчара, амедицинатә цхыраара аиура, асоциалтә ҭагылазаашьаҿы ацхыраара аиураазин, аҵарадырра, аҧсшьара азин Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара аҧҟарақәа инарықәыршәаны.

(Абҵарамза , 8, 2005 шықәсазтәи аредакциала,  № 1167-с – XIV9