ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аномер 17 аҟны имҩаҧысит ҳџьынџьуаҩ Џьан Ашьхаруа дызлахәыз аусуратә еиҧылара. Џьан Ашьхаруа, Силивра аҵареи аҭҵаарадырреи рцентр еиҳабыс дамоуп, Ҭырқәтәыла згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы иҷыдоу аспорттә хкқәа рфедерациа директорс аус иуеит, иара убас ари аиҿкаара сҭампылтәи аҟәша напхгара аиҭоит. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧхьаҟатәи аусеицуразы аилацәажәара мҩаҧыргеит. Аиҿкаара мҩаҧысит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи Аҧсны Жәлар Реизара адепутат,…
Иахьа, абызшәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр "Аӡыхь" аҧхынтәи алагер иалахәу ҳџьынџьуаа рзы имҩаҧнагеит аҧсуа бызшәа арҵаразы иаарту аурок ахәмарратә методика ахархәарала. Иара убас, аҧхынтәи алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар алшара рыман Аҟәа ақалақь амаамын ааӡарҭа абара. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара амаамынааӡарҭатә усбарҭа аколлектив иҭабуп ҳәа рарҳәоит иаадырҧшыз аҧхарра зҵоу адкыларазы. Ишәгәалаҳаршәоит, сынтәатәи аҧхынра иалагӡаны ари ахҧатәи аҿар ргәыҧ шакәу Аҧсныҟа…
Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Афон Ҿыц иаҭааит. Аҿар аҭагылазаашьа рыман ақалақь аҭоурыхтә ҭыҧқәа лабҿаба абара, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Афонҿыцтәи аҳаҧы, иара убас амилаҭтә культуратә ҭынхақәа. Ас еиҧш аинтерес зҵаз аныҟәара, асасцәа даара гәахәарыла ирыдыркылеит. Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсны зыҧсы зшьо аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аилазаара ишалоу 60-ҩык. Ихаҭәаау апрограмма злашьақәгылоу аусмҩаҧгатәқәа, хымҧада аҿар ргәалаҟазаара шьҭнахуеит, ахааназы ирхамшҭуа агәалашәарақәа…
Нанҳәамза 25 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аофициалла аусура хацнаркит. Уи иалахәуп Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа ҧсшьара иааз ҳашьцәа хәыҷқәа. Дара Аҟәа ақалақь ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан, амҳаџырқәа рыхьӡала Амшын Еиқәа аҿықәан игылоу абаҟаҿы, иара убас Ешыра ақыҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориалтә комплекс иаҭааит. Анаҩс, агәыҧ алахәцәа аҭааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, иара…
Нанҳәамза 24 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ҳџьынџьуаа ражәақәа рыла, рыҧсадгьыл лабҿаба иахьырбаз ргәы азнарҳаит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аҧсны мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа ирҭаауеит, рыжәлантәқәеи дареи еибабоит, ргәалаҟазаара шҭызхуа, арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧшьгарала, есышықәса Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа ҧсшьара иаауеит аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» иалахәу ҳџьынџьуаа. Алагер ахԥатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааит нанҳәамза 23 азы. Ҳџьынџьуаа 60-ҩык ыҟоуп: урҭ рахьтә Аҧсуа культуратә центрқәа Рфедерациа 30-ҩык ыҟоуп, Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа 30-ҩык ыҟоуп. Апроект хықәкыс иамоуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, рҭоурыхтә ҧсадгьыл разхьарҧшра, агәыбылра абжьаҵара. Ҳџьынџьуаа ара рыҟазаара иалагӡаны…
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсны ҧсшьара иаан иҟоу аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа. Аҧсны Ахада аҿар данрацәажәоз, иазгәеиҭеит: "Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа, бзиала шәаабеит Аҧсынтәыла. Ҳара даара агәахәа алаҳхуеит аҧсуа жәлар аиааиреи ахьыҧшымреи рзаагаразы зхы иамеигӡаз ҳџьынџьуаа рабиҧара ҿа ара шәахьаҳбо. Иахьа, шәара аҭынч ҧсҭазаара аныҟоу аамҭазы шәааит, аҭоурых иахылҿиааз ҳаиҩызареи ҳаиашьареи арӷәӷәаразы. Иҭабуп ҳәа…
Иахьа, аҧхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь - 2025» алахәцәа аҭааит ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал. Аныҟәарақәа ралагамҭаз ҳџьынџьуаа ашәҭқәа шьҭаоҵеит ҳаибашьцәа рмемориал аҟны. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аконцерт. Убри анаҩс, Нхыҵ-Кавказынтәи иаҳҭааз ҳашьцәа хәыҷқәа Тҟәарчал аҭоурыхтә ҭыҧқәеи аҧсабара аҧшӡарақәеи рбартә еиҧш аҭагылазаашьа рыман. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Аҟармаратәи аӡхыҽҽа. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит Тҟәарчал ақалақь аусбарҭа иаадырҧшыз азҿлымҳареи ахаҵгылареи рзы.
Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр «Аӡыхь», Нхыҵ- Кавказынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа рзы ахәмарратә методика ахархәарала аҧсуа бызшәазы иаарҭу аурок мҩаҧыргеит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, ацентр «Аӡыхьи», абар уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит азеиҧш проект аус адырулоижьҭеи, уи хырхарҭас иамоуп иаарласны аҧсуа бызшәа арҵара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳџьынџьуаа аҭааит Аҧсны абанк амузеи, уаҟа дара ирбеит аекспозициақәа, анаҩс Аҟәатәи абааш…
 Аҧхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит Гал ақалақь. Аибадырратә ҟазшьа змаз аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿар ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рмемориалтә баҟаҿы. Ҳџьынџьуаа рзы акультура Аҩны аҟны еиҿкаан аконцерт, анаҩс дара аҭааит Галтәи аӡеизакырҭатә ҭыҧи , Агидрофымцамчтәы станциеи. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит Гал ақалақь администрациа ахаҭарнакцәа, алагер алахәцәа рзы еиҿыркааз ауснагӡатәқәа зегьы рзы.
Нхыҵ - Кавказынтәи зыҧсшьарамшқәа Аҧсны изхызго аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь», иахьа, аӡиа Риҵа иаҭааит, рыбла иабеит уи акәша-мыкәша иҟоу иблахкыгоу аҭыҧ ҧшӡаоақәа, иџьашьахәу аҧсабаратә цәырҵрақәа. Агәыҧ аилазаараҟны иҟоуп ҳаҧсадгьыл ахьчара иалахәыз Нхыҵ -Кавказынтәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҭынхацәагьы. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзууәеи ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳашьцәа хәыҷқәа рыҧсшьарамшқәа Аҧсны гьамала имҩаҧысырц азы.
Иахьа, Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаҧысит 1992-1993 ш.ш. хатәгәаҧхарала Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Аҧсадгьыл ахақәиҭреи аиааиреи азаазгаз, уи абара иахьымӡаз ҳаибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара, аусзуцәа, иара убас аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь». Иахьатәи амш иацуп ҿыцәаара зқәым агәалашәарақәа, ҳаибашьцәа рфырхаҵара, ргәымшәара, уаҵәтәи амш иадаҳҳәало агәыӷра лашақәа. Ргәалашәара лаша наӡаӡа ҳгәаҵаҿы…