ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Арепатриантцəа ироуа асоциалтə аматериалтə цхыраара​ ахкқəа Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы, Аҧсны аҳəынҭқарратә анапхгараҭаратә усбарҭа хада аҳасабала, арепатриациа ахырхарҭала аҳəынҭқарратə политика ашьақәыргылареи анагӡареи рфункциа ​ назыгӡо, арепатриантцəа асоциалтə цхыраара рынаҭоит аргылара аус аҿы,​ арепатриантцəа анхарҭа ҭыҧла реиқəыршəараҿы, аҧсуа бызшəа аҵаразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡараҿы, Аҧсны​ Аҳəынҭқарра атəылауаҩра аиураҟни усурҭа ҭыҧла реиқәыршәареи рыҟны.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш инамаданы адныҳәалара ҟанаҵеит
Имҩаҧысит арепатриантцəа асоциалтə материалтə цхыраара рыҭара азҵаара иазкны аколлегиа аилатəара
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аспециалист хадас даҭоуп Ашәба Сырма Павел-иԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факәльтет ажурналистика аҟәша даушьҭымҭоуп. 20 шықәса инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы ҳџьынџьуаа ирызку адырраҭарақәа аус рыдылулоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аԥсуа Радио атематикатә ҟәша «Аԥсадгьыл Абжьы» редактор хадас дыҟоуп.
Асҭамыр Багаҭелиа ААУ аҭҵаарадырратә хеилак аилатәара далахәын​Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа Чуреи Дыжьын Али лдоктортә диссертациа ахьчара иазкыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә еилатәара далахәын.Асҭамыр Багаҭелиа аҵарауаҩ ​ "Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспора ақьабзтәи ашәа-инструменталтәи традициа» атемала қәҿиарала илыхьчаз лдоктортә диссертациа лыдныҳәало, илзеиӷьеишьеит аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа, аартра ҿыцқәа.
Жәабран 9 рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәреи Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи, Амман ақалақь еиҿкаау Аҧсуа культуратә хеидкыла "Диуан Абаза" аиҳабы Ҳасан Абазеи (Чичба) рыбжьара имҩаҧыргеит авидеоконференциа. Реиҧылара иналагӡаны иалаҵәажәеит COVID -19 аҿкы чымазра иахьа ат,агылазаашьа, иара убасгьы рнапы иацыҩу аиқәшаҳаҭрақәа. Ахеилакқәа агәаҳәара аадырҧшит аепидемиа аҭагылазаашьа ианеиӷьхалак реиҧылара мҩаҧыргарц араҟа Аҧсны.
Вадим Ҳаразиа дидикылеит Аинвестагентрааиҳабы Илона Лакрба. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратәеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа Аҳәынҭқарратәаинвестициатә агентра аиҳабы Илона Лакрбеииареи аиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылараҟны рхы аладырхәеит ахеилакахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, ҳџьынџьуаа реимадаразы аҟәша аиҳабы ИналХәтаба, иара убас аинвестициатә агентрааспециалист хада Саид Сангәлиа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны актуалра зҵоу азҵаарақәа ирызкны, аҳәынҭқарратә лахәылацәа ралархәрала имҩаҧигеит инеиҵыху аилатәара. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә лахәылацәа ралархәрала имҩаҧигеит инеиҵыху аилатәара. Аилатәараҿы излацәажәоз азҵаарақәа иреиуоуп: Аҧсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиҧшроу, ауааҧсыра акоронавирустә чымазара ҿкы рацәыхьчаразы ишьақәыргылоу аҧҟарақәа рықәныҟәареи, хәыҷы-хәыҷла урҭ иалагалоу аҧҟарақәа раҧыхреи.
Ажьырныҳәа мза 25 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти рхеилак ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Багаҭелиа Асҭамыри, ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Хәтаба Инали, Аԥсны Аҳәынҭқарра апрофессионалтә бокс Афедерациа апрезидент Альберт Карди-Огли, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Низам Хапати рыбжьара аиԥылара мҩаԥигеит.
Апсны Аҳәынҭқарра Апсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи уи ихаҭыпуаҩ Асҭамыр Багаҭелиеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Апсуа Культуратә хеидкылақәа рфедерациа аусзуҩцәеи аипылара мҩапыргит. Уи аипылараҟны Апсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҳаразиа Вадими Ҭырқәтәыла иҟоу Апсуа Культуратә хеидкылақәа рфедирациа аиҳабы Аҟәысба Аҭанури рыбжьара, уажәшьҭарнахыстәи ҳџьынџьуаа рыпсадгьыл ахь ахынҳәразы Апсны Аҳәынҭқарратә политика аусқәа рынагӡаразы аҩганк аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩит. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы…

Ԥхынҷкәын14, 1992

14 Ԥхынкәын 2020
28 шықәса раҧхьа, Декабр14, 1992 шықәса рзы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз, Урыстәылатәи аверталиот Ми-8. Ажәҩан иалаблыз 85-ҩык рахьтә иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа… Ари ахҭыс хлымӡаах, иахьа уажәраанӡа, иахәҭоу жәларбжьаратәи ахәшьара маиуӡацт. Ҳаҧсуа жәлар ирхыргахьо атрагедиа уаналацәажәо, угәы ҿызкаауа акәны иҟалеит ари амш.
Апрограмма «Адемографиа арҿиара 2020» аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа милаҭ ҭаацәарақәа ахԥатәи рыхшаареи ирышьҭанеиуеи рзы, арепатриациа афонд абиуџьеҭ аҟнытә знык ала 100 нызқь мааҭ аԥара рзыршәоит. Аԥхьанатә аԥсуа ҭаацәара рыцхыраараҿы абиуџьетнҭыҵтәи агәыҳалалратә фонд «Азҳара» аҟнытә акәын ацхыраара шроуаз. Мшаԥымза, 2020-тәи ашықәс инаркны, апроект «Азҳара» аус Аԥсны Аҳәынҭқарра Адемографиеи арепатриациеи рминистрра анапы ианырҵеит, ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, хыхь зыӡбахә ҳәоу…