ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Уалид Маршьан

10 Ԥхынкәын 2020
Шьамтәылатәи Арабтә республика ар реинрал-маиор Уалид Маршьан диит 1948 шықәсазы Аль-Кунеитра ақалақь аҿы. Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспораҿы еснагь активра ду аазырԥшуаз Уалид Маршьан иҟаиҵаз маҷым аԥсуа жәлари ашьам жәлари реизааигәатәразы. Маршьан изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан. Шьамтәыла еиуеиԥшым амаҵура ҳаракқәа дырхагылан. 2005 шықәса алагамҭазы ԥхьатәара дцеит, аха 2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра ианалага хатәгәаԥхарала жәлар рхамҭаратә отриад аԥиҵеит, уи иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп.…

Омар Беигәаа

10 Ԥхынкәын 2020
Аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ирхыԥхьаӡалоу Омар Беигәаа диит 1901 шықәса, ԥхынгәымза 1 азы ақыҭа Ефҭени Ҳаџьыс. Беигәаа ихаҭа иажәақәа рыла, уи ақыҭа аԥсышәала хьӡыс иаман «Ашәы Ҳаџьы иқыҭа», мамзар «Ашәаа рқыҭа» ҳәа. Беигәаа диит, иагьизҳаит Ҭырқәтәыла, аха ижәла аҭоурых даараӡа ибзианы идыруан. Убас, апублицист, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәаоит: «Саб Баирам…
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындбеи Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит аҩаша, жьҭаара 6 рзы, Дамаск, иҿыцны иаартыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Аиԥылара аартуа Аконгресс ахаҭарнакцәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иааицҳаз ааԥхьаратә ажәа еизаз иддырҳаит, анаҩс инарҭбааны еиҭарҳәеит Аконгресс аусура хықәкыси хыдҵақәаси иамоу, қәҿиарала имҩаԥгоу апроектқәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи ирзааҭгылеит. Адиаспорақәа…
Адаҟьа 18 - 18