ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Нанҳәамза 14 - Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит. Убри аҽноуп, 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра ахы анакы. Зықьҩыла аҭынч уааҧсыреи афырхацәеи рхы ақәырҵеит Аҧсадгьыл ахьчара. Игәалашәара лашазааит акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба. Ргәалашәара наӡаӡазааит Аҧсны Аиааира азаазгаз иреиӷьыз аҵеицәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз зегьы. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит 413 мши-ҵхи бџьаршьҭыхла ҳаҧсадгьыл зыхьчоз аветеранцәа, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьаҳшьоит. Аҧсны жәлар аҭынчреи агәабзиареи рымазааит.
Ҳаҭыр зқәу, Мусса Ҳабал-иҧа! Аҧсадьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуратә еилазаареи рыхьӡала, гәык- ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәирамшы! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҟны аихьӡарақәа! Шәара акырӡа шәлагала рацәоуп аҧсуа - абаза жәлар реидкылара, реимадара аус аҟны. Ҷыдала шәазыҟоуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара. Ҳзеиҧш усқәа рҟны иаашәырҧшуа ахаҵгыларазы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Шәҿаҧхьа иқәгылоу шәыгәҭакқәа рынагӡараҟны аманшәалара…
Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар, иахьа, рныҟәарақәа ирыцҵан Гаграҟа. Урҭ идырбан аҭыҧ ҧшӡарақәа, ирзеиҭаҳәан ақалақь аҭоурых. Ахәыҷқәа рзы даара игәырӷьаран адельфинари аҭаара. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл абзиабара есааира изныруа ҳџьынџьуаа, Аҧсны рыҟазаара агәахәара ду рнаҭоит. Дара ражәақәа рыла, наунагӡа арахь нхара иаауагьы ҟалашт. Аделегациа алахәцәа рныҟәарақәа ҳәаақәырҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи. Дара иҭабуп ҳәа рарҳәоит иахьатәи…
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа, иахьа, иаҭааит Афон Ҿыц. Урҭ ирыман алшара Афон ҿыцтәи аҳаҧы аҭалара, дара рзы уи акыр иблахкыган, иџьашьахәын. Иара убас, иаҭааит ауахәама, аберҭым, ақалақь аҭоурыхтә ҭынхақәеи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи. Ирбаз - ираҳаз акырӡа ихнахит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит, апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо аҿар адгылареи ацхыраареи рызҭо зегьы.…
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьаратә мшқәа зхызго аҿар, иахьа, Аҟәа ақ. Ахьӡ - Аҧша апарк иаҭааит, ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, Амшын Еиқәа аҿықә аҟны игылоу амҳаџьырқәа рбаҟа ашҟа ицеит. Иара убас, иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа. Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа,…
Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьаз, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл бџьаршьҭыхла изыхьчаз ҳџьынџьуаҩ Ерсын Чқәуа. Ауаҩы аамысҭашәа, ашьац иаӷрагылар ҳәа ишәоз, зыламыс ҳаракыз Ерсын Чқәуа, иҧсадгьыл иҧсеиҧш бзиа ибон, ижәлар рхьаа ихьаан, ргәырӷьара игәырӷьан. Араҟа иаҧиҵахьан аҭаацәара ҧшӡа, ирызҳауеит ихылҵ. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусуратә еилазаареи гәалсра дула ирыдышшылоит Ерсын Чқәуа иуацәеи-иҭынхацәеи.
Аҳәаанырцәтәи атәылақәа - Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ - Кавказынтә, Аҧсныҟа иааит ҳџьынџьуаа рделегациа. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, аҿар, аҧсуа- абаза хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа. Агәыҧ иалоуп абас еиҧш иҟоу ажәлақәа : Ешба, Саӡба, Папба, Ҭарба, Қапба, Маан, Адлеиба, Лацәышба, Ашьхаруа, Цыба, уҳәа. Есышықәсеиҧш сынтәагьы, аҧхынтәи аҧсшьарамшқәа мҩаҧысуеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ас…

КӘТАӶЬЦӘАХЫЛҦА

26 Рашәара 2023
Рашәарамза 29 рзы, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Филармониаҟны имҩаҧысуеит амультфильм "Кәтаӷьцәахылҧа" аӡыргара. Амультфильм аҧиҵеит Асҭамыр Кәыҵниа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала. Иалагоит асааҭ 19:00 рзы, аҩналара хәыда-ҧсадоуп.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны иаҧҵаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лаҵарамза 23 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара.

ТЕЛЛЕГРАММ

22 Лаҵара 2023
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы иадҳәалоу ажәабжьқәа
Лаҵарамза 21, 2023ш.рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти аусқәеи рхеилаки еицымҩаыргеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.
Есышықәсеиҧш сынтәагьы, лаҵарамза 21 рзы, Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьшьҭоу аҭыҧ аҟны, Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟны, имҩаҧысит Кавказ тәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш.