ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Арҭ амшқәа рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара ззиуа аҧсуа делегациа Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аҟны иҟоуп. Урҭ уахь ааҧхьара риҭеит абаза-аҧсуа етнос "Алашара" Жәларбжьаратәи ахеилак Ахада, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзеқь, ажәбатәи амилаҭтә культура-спорттә фестиваль "Абаза" алахәхаразы. Акәльтура-спорттә фестиваль "Абаза" еиҿкаан Жәларбжьаратәи аидгылара "Алашара" абзоурала, уи адгылара арҭеит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика амилаҭқәеи, амассатә коммуникациақәеиакьыҧхьи русқәа…
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс ахаҭарнакцәеи злахәыз аиҧылара мҩаҧысит. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан азеиҧш проектқәа жәпакы. Аконгресс ахаҭарнакцәа инарҭбааны иазааҭгылеит "Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа" рпроект ахықәкы. Зегь раҧхьа иргыланы, ари апроект аҿар аспорттә қьабзқәа ирыднаҧхьалоит. Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны рыҟазаара иалагӡаны иаҧҵан 15-ҩык аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа злахәыз акоманда. 2024ш. цәыббрамза алагамҭазы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭаараны иҟоуп, аҧсуа милаҭтә…
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки аҳәынҭқарратә еилазаара "Аҧсныргылареи" ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахархәарахь иаҭан Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз аҩнеихагыла. Аҩны аргылара иадҳәалоу аусқәа зегьы ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәоит, анхацәа рзы аҭагылазаашьа бзиа аҧҵоуп.
Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа! Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы гәык-ҧсыкала ишәыдныҳәалоит аԥсылманцәа рныҳәа дуқәа ируаку Курбан-ныҳәа! Ари аныҳәа ҳара ҳмилаҭи адунеи иқәынхо ажәларқәа зегьи иаҳзаанагааит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, аизҳаизыӷьара. Шәагымзааит гәыблыла ишәзыԥшу ҳаԥсадгьыл Аԥсынра! Ҳазшаз илԥхеи-игәаԥхеи еснагь иҳацзааит!
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны иаҧҵаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, лаҵарамза 27-28 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара. Алахәылацәа хьаҵра ҟамҵакәа ахраҿа агаразы еиндаҭлон, аиааира азынхеит ашьапылампылтә гәыҧ «Репатриациа», агәыҧ алахәылацәа азыҟаиҵон Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩ Матуа Ҭемыр. Аиааира згаз, рнаҩс аицлабра алахәылацәа дрыдныҳәало Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ…
Лаҵарамза 21 рзы 160 ш. ҵит Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Аибашьра иалаӡит зықьҩыла ҳауаажәлар, аҧышәара ӷәӷәа аамҭа иҭанаргылеит ҳхылҵшьҭрақәа аӡәырҩы. Ас еиҧш иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс аҧсуа жәлар нырцәи-аарцәи ҳәа еиҟәнашеит, иҟоуп зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхақәаз, иҟоуп зыҧсадгьыл иаҟәыгақәазгьы. Ҭырқәтәылаҟа иагаз аубых хылҵшьҭрақәа 45 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, асаӡқәа ракәзар - 20 нызқьҩык инареиҳаны. Азеижәтәи ашәышықәса аамҭа иалагӡаны Аҧсынтәыла аанрыжьыр акәхеит 400 нызқьҩык…
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ашьақәгылара аҭоурых, ҳтәылазы зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭахь ҳхьанарԥшуеит - Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рахь. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан ишьаарҵәыраз хәажәкыратәи ажәылара анаҩс, дук хара имгакәа, 1993 ш. хәажәкырамза 23рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵарала. Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Убри алагьы ҳԥыза ду илиршеит аԥсуа жәлар рԥеиԥш лашазы…
Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хәажәкырамза 15-16 даара илахьеиқәҵагоу рыцхәны иаанхоит. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц. Рыцҳарас иҟалаз, излагаз ажәылара лҵшәадахеит, уи иацын аҧсҭбарақәа маҷымкәа. Шәҩыла ҳаибашьцәа ахәрақәа роуит, иҭахеит 222-ҩык, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык, абжеиҳараҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан аибашьра ашьҭахь. Хәажәкыратәи ажәылара, 413 мши ҵхи ицоз аибашьра еиҟәызшаз акакәны уахәаҧшрыц алшоит. Иарбаз аплан инақәыршәаны,…
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы нагӡа змоу Ахаҭарнакра 30 ш. ахыҵит. 1994 ш. хәажәкырамза 1 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Сҭампыл ақалақь аҟны иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнакра. Акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Ахаҭарнакра напхгара аиҭон Владимир Аҩӡба, иара убас еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари анапхгара рнапы ианын Инар Гыцбеи Вадим Ҳаразиеи. Ҳазҭагылоу аамҭазы Ҭырқәтәылатәи…
Аҧснытәи аделегациа Ливантәи Ареспубликаҿы аофициалла рныҟәарақәа рхыркәшамҭазы, Ливан иҟоу Аҧсуа Культуратә центр анапхгаҩы Абдульразак Риад (Цыба) иҩнаҭаҟны асасцәа идикылеит. Иара убас, имҩаҧысит аҧхарра зцыз аҧсуа диаспореи Аҧснытәи аделегациеи реиҧылара. Анаҩс, ажәа иман Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Иара, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Абдульразак Риад аҧхарра зцыз еиҿикааз аиҧыларазы, имҩаҧысуаз ауснагӡатәқәа зегьы рҟны адгылара ахьааирҧшыз, хаҭала зегьы рхы ахьрылаирхәыз.…
Ливантәи Ареспубликаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчы нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Рудакови реиҧылара. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы В. Ҳаразиа, А. Сангулиа, Е. Чамагәуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа: Б. Џьопуа, В. Бебиа, Р. Аиба, Н. Салаҟаиа, Д. Гогиа. Аиҧылара еиҿыркааит Ливан иҟоу аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Риад Абдульразак (Цыба) зхадараҿы дыҟоу…
О. Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи аҟны, Аҧсуа университет астудентцәа рзы аиҧыларақәа мҩаҧысуеит. Урҭ реиҿкаареи рымҩаҧгареи рнапы алакуп амузеи аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩы, арккаҩы Октаи Ҷкотуеи, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарбеи алархәны. Арҵара-ааӡаратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, астудентцәа разҿлымҳара аҟынӡа инаргоит аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рыҩныҵҟа ишьақәгылаз ауаа хатәрақәа рнысымҩа, рҭоурых, рҭынха аӡбахә, зегь раҧхьаӡа иргыланы - арккаҩ ду Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиареи,…