Аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ирхыԥхьаӡалоу Омар Беигәаа диит 1901 шықәса, ԥхынгәымза 1 азы ақыҭа Ефҭени Ҳаџьыс. Беигәаа ихаҭа иажәақәа рыла, уи ақыҭа аԥсышәала хьӡыс иаман «Ашәы Ҳаџьы иқыҭа», мамзар «Ашәаа рқыҭа» ҳәа. Беигәаа диит, иагьизҳаит Ҭырқәтәыла, аха ижәла аҭоурых даараӡа ибзианы идыруан. Убас, апублицист, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәаоит: «Саб Баирам ихьӡын. Баирам иаб – Ҳасан. Ҳасан иаб – Маџь. Маџь иаб – Мамагәыл (Омар Беигәаа иабду иаб, уи иаб – аред.) иман ҩыџьа аишьцәа – Шармаҭи, Саҭанеи.
Зықьҩыла аԥсуаа, Аҟәеи, уи азааигәара иҟаз ақыҭарақәеи рҟнытә иахыгаз, мшынла инаӡеит ҭырқәтәылатәи аҟәара аҟынӡа, иагьыӡхыҵит Қьефқьен захьӡыз аҭыԥ аҟны. Амҩа иахьаныз зымчқәа зынӡа икәадахаз ԥшьышәҩык инареиҳаны атәым дгьыл аҟны ианнеиҵәҟьа рыԥсҭазаара иалҵит. Зыԥсы еиқәхаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Омар иаб – Баирам Беигәааи, аҭыԥха Шьамҳа Мқыди.
Хара имгакәа урҭ аҭаацәара аԥырҵоит, дагьырхылҵуеит аԥа – Омар. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыла, Омар диит 1899 шықәсазы, аха Беигәаа ихаҭа 1901 шықәсазы сиит ҳәа акәын ииҳәоз.
Абызшәақәа рахь аҷкәын илоу аҟыбаҩ бзиа гәазҭаз, ажәытә османтәи алфавит ашьаҭала аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәара иаҿыз, адыгатәи аинрал Рашьыҭ Еффендии уи иԥшәмаԥҳәыс Ҟасибеиа Ҷанԥҳаи, 12 шықәса зхыҵуаз Омар Беигәаа рнапы злакыз аус дадрыԥхьалеит. Убри инаркны иԥсҭазаара зегьы аԥсуа бызшәеи, афольклори, аҭоурыхи рыҭҵаара иазикуеит.
Омара Беигәаа иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз, 2001 шықәсазы. Анышә дамадоуп Сҭамԥыл, иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз ақалақь аҟны. 2013 шықәсазы, Арепатриацциазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала Аҟәа иаартын Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи.