ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

Зааӡатәи апериод ​ Раҧхьаӡа акәны ауаҩы Аҧсны дықәнагалеит миллион бжак аҧхьа, насгьы уи дааит Амрагыларатәи Азиа Маҷ аҟнытә. Уи ашьҭахь, аҵааршәыратә период аангьы, илыҧшааху аҧсабара аҭагылазаашьақәа ирыбзоураны, ари адгьылҵакыра еснагь рылаҧш адхалон ауаа жәытә-натә аахыс. Аҧсны адгьылҵакыраҿы VI ашә.ҳ. ҟалаанӡа имҩаҧысит анхамҩа арҿиара иазкыз анеолиттә «револиуциа». Уи аамҭа иатәу зегьы реиҳа еицырдыруа ауааҧсыра рынхарҭа ҭыҧ Қьысҭрықь зыхьӡу шьҭоуп Гәдоуҭа ақалақь…
Аҧсны шьҭоуп Аахыҵ Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аӡиасқәа Ҧсоуи Егри рыбжьара, уи алада-мраҭашәаратәи ахәҭа Амшын Еиқәа иаҿықәуп. Аҧшаҳәа аура 210 км. еиҳауп, адгьыл еизаданы инашьҭуп, ласы-лассы иуҧылоит иҭбаау, бӷанҷссала ихҟьоу амра ацәиааларҭа ҭыҧқәа. Аҩада Урыстәыла аҳәаа иадуп, амрагыларахь – Қырҭтәыла. Аҧсны аҳауа лыҧшаахуп, уи ҟазҵо аҧшаҳәа аҿықәзаареи ашьхеибаркыра ҳаракқәа рыҟазаареи роуп. Аҧшаҳәаҿы аҳауа цәаакуп, исубтропикатәуп. Ажьырныҳәамзазы атемпература +10 С рҟынӡа ихалоит.…
Абираҟ Абираҟ ауреи аҭбаареи реизыҟазаашьа 2:1 ҳәа иҟоуп. Инеихык-ааихыкны иалдоуп зыҭбаара еиҟароу, ашкәакәа ҧшшәи ашьацҧшшәи змоу ацәаҳәақәа быжьба, урҭ рыҟнытә ҧшьба шьацҧшшәылоуп, хҧа шкәакәоуп. Хыхьтәи раҧхьатәи ацәаҳәеи ҵаҟатәи аҵыхәтәантәи ацәаҳәеи ишьацҧшшәылоуп. Ацәаҳәақәа ршьацҧшшәыла-шкәакәуара – Ашьхаруа ҳәынҭқарра (1918 ш.) абираҟ азы идырга ҷыдоуп. Ашьацҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла аҧеиҧш лаша. Абираҟ хыхь ашьаҭаркра арымарахь аган аҿы иҭасоуп иҟаҧшьы - уаркалеиуа,…
Аҧхьшьтәы зцу амузика арҳәага – Аҧхьарца Аҧсуа жәлар рмузика еиҳарак авокалтә ҟазшьа ауп иамоу, амузика арҳәагақәа ацхыраара ҟарҵоит ауп. Ус егьа иҟазаргьы, аҧсуа жәлар рырҿиаратә ҧсҭазаараҿы ахархәара бзианы иаман, иамоуп аинструменталтә музика. Аҧсуа амузика рҳәагақәа реилазаараҿы иҟоуп – изызсуа, изҭаҭәҳәо, аҧхьшьтәы зҿыршьуа аинструментқәа. Ахәыц иалхыз арахәыцқәа рыла еибыҭоу амузика рҳәагатә инструментқәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧҧхьшьтәы зҿыршьуеи анацәақәа зҿыршьуеи. Ижәытәӡоу, арахәыцқәа ҩба…
Аҧсуа жәлар рмузыка Аҧсуа ашәақәа рмелодиеи хаҿреи Аҧсуа жәлар рмузика ахыҵхырҭақәа акырӡа зхыҵуа ажәытә аамҭаҿы иҟоуп. Акыр аамҭа инеиҧынкыланы аҧсуаа егьырҭ ажәларқәеи дареи аимадарақәа рыман, аха ус ишыҟазгьы аҧсуаа рмузикатә фольклор иалшеит ажәлар рашәаҳәаратә ҟазара астили убла хызкуа аҟазшьеи змаз ахатәы ҷыдарақәа реиқәырхара, ашәышықәсақәа ирылганы раагара. Аҧсуаа рмузыкатә фольклор иреиӷьу аҿырҧштәқәа ирныҧшуеит аҵакы ҵаула, амелодиа ҧшӡа харкы, згәынкылара маншәалоу аформа.…
Аҧсуа кәашарақәа – аӡәгьы ихәура иҭамлац, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, иара убас Кавказ иҧшӡӡоу аҭыҧ Аҧсны ҧсадгьылс измоу ажәлар ркультура иузаҟәымҭхо хәҭоуп. Аҧсуа кәашара́қәа ирылшоит акәашара хкқәа рыла агәалаҟазаара аарҧшра. Ахореографиа иабзоураны ахәаҧшҩы илшоит ари атәылеи, уа инхо ажәлари рҭоурых ахәҭақәа рыҟнытә ахҭысқәа рбара, реилкаара. Ажәлар рыкәашарақәа рыла, иара убас, ирылшоит ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа, реибашьрақәа, ргәырҩақәа, ргәырӷьарақәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа ҳзеиҭаҳәара. Алирикатә кәашарақәа…