ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧхьшьтәы зцу амузика арҳәага – Аҧхьарца

 

Аҧсуа жәлар рмузика еиҳарак авокалтә ҟазшьа ауп иамоу, амузика арҳәагақәа ацхыраара ҟарҵоит ауп. Ус егьа иҟазаргьы, аҧсуа жәлар рырҿиаратә ҧсҭазаараҿы ахархәара бзианы иаман, иамоуп  аинструменталтә музика. Аҧсуа амузика рҳәагақәа реилазаараҿы иҟоуп – изызсуа, изҭаҭәҳәо, аҧхьшьтәы зҿыршьуа аинструментқәа.

 

Ахәыц иалхыз арахәыцқәа рыла еибыҭоу амузика рҳәагатә инструментқәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧҧхьшьтәы зҿыршьуеи анацәақәа зҿыршьуеи. Ижәытәӡоу, арахәыцқәа ҩба змаз, аҧхьшьтәы зҿыршьуаз амузикатә рҳәагақәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧхьарца; аиаҳәа форма аҭаны иҭцәаауп, амҿы иалхуп. Аҿышәҭа ҭырффаны иҟоуп, ахәмарра ианалгалак аҧхьшьтәы убраҟа иҭарҵоит. Аҧхьарца ақә  амзашша ықәырҭәоуп, аҧхьшьтәы арахәыцқәа ҵархоит ҳәа  уи иаҿыршьуеит. Аҿышәҭ  амҿы ҭасоуп, уа  иамоуп абжьы иацхраауа акылҵәара гьежьқәа.

 

Аҧхьарца арахәыцқәа иаҿоу аҽхәыц иалырхуеит. Ахаҭа зегьы ҵлажәла хкык, еизаданы иҧҟоу иалхуп. Ажәытәан аҧхьарца ашәч, адац, аӡахәа иалырхуан. Ишааиуаз, еиҳа рхы иадырхәо иалагеит ал, алаҳаҵла, аҭәаҵла. Аҿышәҭ  иҭарсоит аҧслыш, аҭәаҵла, аҧса лых ҟаур.

 

Аҧхьарца абжьы ҭызго ахыц угәалазыршәо аформа змоу аҧхьшьтәы ауп, уи ахи аҵыхәеи ааиднакыларатәы аҽхәыц рыбжьдоуп. Еиҳарак ари аинструмент ҟазҵо иазырҳәо иоуп. Аҧхьарца аҟаза бзиақәа рҿы иҿаҵаны ианырзыҟарҵо еиҳагьы еиҳауп.

 

Аҧхьарца ианҵаны еиҳараӡак ирҳәоз аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәеи аҳәамҭақәеи ракәын. Ари амузикатә инструмент рхы иадырхәон адинхаҵара иадҳәалаз ақьабзқәа анымҩаҧыргозгьы: ақәа алеиразы ианныҳәоз, аӡы иагаз иҧсы  аҭгараан. Аҧхьарца абыжьқәа ртембр угәы аҵанӡа инеиуеит, аинтонациа еилыхха иҟоуп.

 

Аҧхьарца еиҳараӡак итәаны ауп ишадырҳәо. Насгьы ашәа ацырҳәоит. Аҧхьарцарҳәаҩы ибжьы ныҵакны иҧхьарца ашәа ациҳәоит, изыӡырҩуа иара ицдырӷызуеит. Аҧхьарца азырҳәо ахацәа роуп. Аҧхьарцарҳәараҿы дҟаза дуун ҳәа дыҧхьаӡан Жана Ачба. Ажәлар еицырдыруан абарҭ ашәаҳәацәеи, аҧхьарцарҳәацәа; Баалоу Шьардын, Шьынқәба Соурыџь, Чукбар Шаҷ, Арсҭаа Ҟасҭеи, Сақаниа Маадан, Хьециа  Џьота уб. егь.

 

 

Аҧхьшьтәи  анацәкьарақәеи раҿшьрала иадырҳәоз аинструментқәа

Аҧсуаа рҭоурых ашәақәа еиҳарак ахымаа аҿы акәын иахьадырҳәоз. Ахымаа акәакь форма змоу арфа ауп, аҭәаҵла иалхуп, насгьы иугәаланаршәоит ихьыхәаны згәыцә  иаду аҭәаҵла. Ацилиндр бжа еиҧшуп, корпус ҭҭәааӡам. Аганқәа амҿы иалхуп, 14 џьара акылҵәарсҭақәа амоуп изҿасуа арахәыцқәа ркылгара азы. Иахылҵуа абжьы рацәак иҵарӡам, амч кәадоуп.

 

Изҭаҭәҳәо аинструментқәа

Иҭаҭәҳәаны иадырҳәо аинструментқәа еихшоит афлеитақәеи абызтәқәеи ҳәа. Урҭ рахьтә иахьа инханы иҟоу амузика рҳәагатә инструмент аҿарпын ауп – гәыцәки, иаарту ҿышәҭаки змоу афлеита. Аҿарпын «аҿарпын» захьӡу аҵиаа агәыцә иалырхуеит, иара убас акалам, аҵлаҟаҧшь амахә.  Аҿарпын – ахьшьцәа иртәу инструментуп ҳәа иҧхьаӡоуп.

 

Иҭаҭәҳәаны мацара иадырҳәо аинструментқәа рыҟнытә ижәытәӡоу акы акәны инханы иҟоу Абыкь ауп. Абыкь арасаҵла еиҳа ишәпоу адац иалырхуан. Аҟаб агәыцә иалырхуан Ашьамшьыг захьӡыз, иҭаҭәҳәаны мацара иадырҳәоз аинструмент.

 

Зхала абжьы зхылҵырц зылшо асгатә инструменқәа рыхкқәа рҿы иҟоуп амимбрантәқәагьы, урҭ абжьы рхылҵуеит ирхханы ирхарҧоу амембрана абзоурала. Урҭ адаулқәа роуп. Дара амҿы иалхуп, наҟ-ааҟ, рхи рҵыхәеи џьгәоуп, аџьмацәа рыхҟьоуп. Амҿтәы каркас аҟны  икылҵәоу аҿышәҭқәа амоуп. Адаул анацәақәа еиҭакуа иасуеит, анапсаргәыҵагьы ықәкшо. Арҭ рҩызцәа абарабанқәа ахархәара рымоуп Аҧсны еиҿкаау ажәлар рансамбльқәа рҿы.

 

И.Ҳашба лматериалқәа рыла. Амонографиа « Аҧсны», аҭакзыҧхықәу аредакторцәа; И.Д. Анчабаӡе, И.Гь.Аргәын, 2007ш.