ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсуа жәлар рмузыка

 

Аҧсуа ашәақәа рмелодиеи хаҿреи

Аҧсуа жәлар рмузика ахыҵхырҭақәа акырӡа зхыҵуа ажәытә аамҭаҿы иҟоуп. Акыр аамҭа инеиҧынкыланы аҧсуаа  егьырҭ ажәларқәеи дареи аимадарақәа рыман, аха ус ишыҟазгьы  аҧсуаа рмузикатә фольклор иалшеит ажәлар рашәаҳәаратә ҟазара астили убла хызкуа аҟазшьеи змаз ахатәы ҷыдарақәа реиқәырхара, ашәышықәсақәа ирылганы раагара.

 

Аҧсуаа рмузыкатә фольклор иреиӷьу аҿырҧштәқәа ирныҧшуеит аҵакы ҵаула, амелодиа ҧшӡа харкы, згәынкылара маншәалоу аформа. Аҧсуа жәлар рашәақәа ржанртә еилазаашьеи рҳәашьа аҷыдарақәеи, рмелодика ахкы  рацәареи алшара урҭоит амузикатә фольклор ашьаҭаркраҿы иҟаз аформа мариақәа инадыркны акырӡа аҿиара зауз амелодиақәа рышҟа ихазгалаз аҿиарамҩа азгәаҭара.

 

Ашәарыцаратә қьабзқәа ирыдҳәалоу амузика

Акырӡа зхыҵуа ажанр иатәуп ашәарыцара ашәақәа. Аҧсуа фольклор аҿы имаҷым ашәарыцареи абнақәеи рынцәахәқәа Ажәеиҧшьааи Аергьи ирзку агимн ашәақәа. Ашәарыцара ашәақәа рҳәон шәарыцара рцамҭазы – Анцәақәа ирыҳәон идырманшәаларц азы; иҟан ихынҳәны ианаауаз ирҳәоз, иара убас  ашәарыцара шрықәманшәалахоз атәы зҳәоз ашәақәагьы.

 

Раҧхьаӡа иҟаз аҳәа амелодиа акәын, ажәа рыцӡамызт, амелодиа атекст ашьҭахь ауп ианцәырҵ. Усҟан ашәа зҳәоз ахацәа ракәын, аҳәсақәа азин рымамызт.

 

Ашәарыцара ашәақәа ржанр ахь иаҵанакуеит зегьы раасҭа ауаа ирылаҵәаны, еицырдыруа, иахьагьы еиқәханы иҟоу «Ахра ашәа». Ашәа азкуп еициз ҩыџьа аешьцәа рҭоурых; урҭ руаӡәк аҵх шаанӡа аҿарпын  ашәа ациҳәон иашьа ахра иаҿахаз, ацәа ииааины далымҟьарц азы.

 

Ахьшьцәеи адгьылқәаарыхцәеи рашәаҳәара

Аҧсуаа рашәаҳәаратә ҟазараҿы имаҷымкәа иалагалоуп ахьшьцәа рфольклор. Уи зыдҳәалоу ижәытәӡоу аҧсуаа рынхашәа-чашәа ауп, убри аҟнытә дара акырӡа ижәытәӡоу амузикатә ҭынхақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Алегендақәа изларҳәо ала аҿарпын раҧхьаӡа иаҧызҵаз ахьшьцәа роуп. Иахьагьы ахьшьцәа  аҿарпын «Арахә рырҳәыга ашәа»  анаҳәо арахә рыкрыфара шеиӷьхо агәра удыргоит, ахшгьы еиҳа шрымҵуа. Аҿарпын иаҳәоз амелодиа ала ичмазаҩхаз ахьча ихьаа хырҽуан.

Амузикатә фольклор аилазаараҿы акыр ирацәоуп адгьылқәаарыхра иадҳәалоу ашәақәа; ацәаӷәаҩ иашәақәа, аҽагкара ашәақәа уб. егь. Ашәаҳәара иацымҩаҧыргон адинхаҵареи, адгьылқәаарыхреи ирыдҳәалоу ақьабзқәа. Ихыркны, акыр инеиҵыхны имҩаҧыргоз ақьабзқәа зегьы ирылукаауа иҟоуп ақәа аура иазынархаз ақьабз. Аарҩара аныҟалалакь, ауаа цуҭала рҽеизганы, аныҳәарақәа мҩаҧыргон, ирҳәон аритуал зыда имҩаҧырымгоз ашәақәагьы. Аҿар ныҳәак ахь ицошәа рҽеилаҳәаны, «ӡиуоу» ҳәа изышьҭаз аҭәырӷәы кәыкәма еилаҳәаны, ашәа ахҳәаауа ирыманы аӡахьы илбаауан.

 

Аҧсуа ашәақәа реилазаараҿы афырхаҵара атема

Аҧсуа музикатә фольклор аҟны иалкаау аҭыҧ ааныркылоит афырхаҵаратә ашәақәа. Афырхаҵара атема ажәлар еиҳа азҿлымҳара ахьарҭоз амзызқәа рышьаҭа иҟоуп рҭоурых аҟны. Аҧсуа жәлар агәаҟрақәа рацәаны ирхаргахьеит, рыҧсҭазаараҿы шаҟа рыцҳара ҵаула иҭагылоз аҟара, рықәҧарагьы амчра ӷәӷәахон, идырҿиоз адуоҳатә культурагьы уамашәа иџьашьатәхон.

 

Афырхацәа рыҧсҭазаашьа атәы зҳәо ашәақәа рцикл иатәуп ижәытәӡоу, аҧхьшьтәы аҿшьуа ашәа зцырҳәоз амузыкатә инструмент аҧхьарца аҟны инарыгӡоз «Ахәра ашәа».

 

Аҧсуа аҭоурыхфырхаҵаратә ашәақәа рызкуп иҭахаз афырхацәа рхаҵарақәа. Абас ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа иахьанӡа еиқәыр-ханы иаҳзааргеит зыҧсҭазаара зегьы  легендаз Аџыр-иҧа Данаҟаи, Инаҧҳа Кьагәа, Хабр-иҧа Кац, Кьахьба Ҳаџьараҭ уҳәа реиҧш иҟоу ажәлар рфырхацәа.

 

XIX ашәышықәсазы  Урыстәыла Кавказ имҩаҧнагоз аполитика иахҟьаны аҧсуаа  изныкымкәа мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахцан, амҳаџьырра ишьҭын. Убарҭ ихлымӡаахыз ахҭысқәа ирылиааит акырӡа иҵаулоу агәырҩеи, аҧсадгьыл агәхьаагареи зныҧшуа амҳаџьыраа рашәақәа.

 

Ачарақәеи аҧсрақәеи ирыдҳәалоу  ақьабзтә ашәақәа

Амузыкатә фольклор аилазаараҿы аҭыҧ ду ааныркылоит абзазартә ашәақәа. Иаҳҳәап, аҧсуа традициала имҩаҧгоу ачара ашәаҳәара зцу ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Асимволтә ҵакы амоуп ачара ашәа (Радеда, Оуредада). Уи ашәа ҳәо акәын аҭаца илразҟхаз иҩнаҭа дшыҩнаргалоз. Ачара аныруаз ақьабз иатәыз  агәаҧхачарашәақәа, ачарашәақәа рҳәон.

Аҧсрақәа рыҟны иршәоз агәаҟ ашәақәа рыҟнытә зегьы раасҭа ажәлар ирылаҵәаны иҟоу Ауоу ауп. Ауоу рҳәоит аҧсыжра аҽны, насгьы абиҧара, аҭаацәара аҵыхәтәантәи ахаҭарнак (ахаҵа) данҧслак.  Агимн - ашәа Азар акәзар, уи рҳәоит аҧсхәара ду, ашықәс анышьҭырхуа аҽны, насгьы зыҧсхәы руа иҧсы анҭаз дҽыбӷаҟазан дыҟазар, ашәа рҳәон имҩаҧыргоз аҽырхәмаррақәа, аиндаҭларақәа раан.

 

Аҧсуаа рхылшьҭрақәа ибзианы ирдыруан амузыка хәшәык аҳасабала иамоу алшарақәа. Итрадициахаз агәаанагарақәа рыла, аҧсуаа ачымазарақәа зегьы Анцәахәқәа рхагылоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, урҭ ргәамҵра иахҟьоит рҳәон ачымазарақәагьы. Ачымазаҩ иуацәа, иҭынхацәа, игәылацәа еизаны, аҧхьарца ашәақәа анҵаны иҳәо, аҷаҧшьарақәа мҩаҧыргон. Ашәа ачымазаҩ ихьаақәа, игәаҟрақәа ихнацоит, игәы иханаршҭуеит, уи акәым «Анцәагьы игәы иахәоит» ҳәа азырҧхьаӡон.

 

Аҧсуа жәлар еицырҳәо ашәақәа

Аҧсуа жәлар рашәақәа авокалтә мелодиеи иҳараку ашәаҳәареи рсинтез ала ишьақәгылоуп. Ажәлар рашәақәа рмелодиаҿы еизгоуп абызшәа, ажәаҳәа иамоу аинтонациатә беиара зегьы. Амелодиа иацааиуеит ашәа ажәақәа, урҭ реилазаараҿы иҟоуп аемоциа азырҳара иацхраауа, зеиҭагара маншәалам ажәақәа, абжьыҭҟьақәа. Ашәа аҵакы инеиҵыхны ашәаҳәаҩ – ажәабжьҳәаҩ иажәабжь аҿы дазааҭгылоит.

 

Аҧсуа ашәақәа ҩыџьа, хҩык еицырҳәоит, абжьырацәа  зныҧшуа аҧсуа жәлар рашәақәа ирҷыда ҟазшьоуп еиҿыбааны, бжьырацәала ашәа аицыҳәара. Аҧсуа жәлар еицырҳәо ашәақәа рыҟны абыжьқәа зегьы рхы иақәиҭуп; абыжьқәа зегьы хаз-хазы рхатәы функциақәа нарыгӡоит, ашәагьы  аполифониатә цәа ахарҵоит.

 

Аинтерес ду рыҵоуп ашәаҳәара иацу итрадициатәу акәашарақәа. Арҭ ашәақәа иахьагьы еиқәырханы ирымоуп ақьырсианра аҿиара иалагаанӡатәи аамҭа иатәу аформақәа – ҩ-бжьы хыкқәак рыла ишьақәгылоу ахортә полифониа. Ахор рашәаҳәареи амузика рҳәагатә инструментқәа рыхәмарреи иқәгьежьааны ианацкәашо, ахәаҧшцәа  акәашаҩцәа рыкәашара аритм иақәыршәаны рнапқәа еинырҟьоит.

Аҧсуаа ашәақәа ржанр аҷыдарақәа, рмелодиа абеиара, урҭ ирнаало абызшәа иҳарҳәо акы ауп – аҧсуа жәлар рбызшәа, рашәа, рдоуҳа еиҷаҳауа мацара еиқәырхо ишааргаз рмилаҭтә хаҿра, иара убас уамашәа иҧшӡоу, аемоциа зҵоу амузыкатә фольклоргьы.