ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсуа кәашарақәа – аӡәгьы  ихәура  иҭамлац, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, иара убас Кавказ иҧшӡӡоу аҭыҧ Аҧсны ҧсадгьылс измоу ажәлар ркультура иузаҟәымҭхо хәҭоуп.

 

Аҧсуа  кәашара́қәа ирылшоит акәашара хкқәа рыла агәалаҟазаара аарҧшра. Ахореографиа иабзоураны ахәаҧшҩы илшоит ари атәылеи, уа инхо ажәлари рҭоурых ахәҭақәа рыҟнытә ахҭысқәа рбара, реилкаара. Ажәлар рыкәашарақәа рыла, иара убас, ирылшоит ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа, реибашьрақәа, ргәырҩақәа, ргәырӷьарақәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа ҳзеиҭаҳәара.

 

Алирикатә кәашарақәа рахь иаҵанакуеит «Лалзын» захьӡу аҳәсахәыҷқәа рыкәашара ҧшӡа. Аҧсуа ҭыҧҳацәа рыҧшӡареи реиҿкаашьеи атәы аӡәырҩы ирыҩхьеит, аха даҽа зныкгьы имыцхәӡам урҭ ииашаҵәҟьаны даараӡа иҧшӡаны ишыкәашо атәы аҳәара. Ажәлар рыҟны иахьагьы иргәаларшәаны аҿаҧыцтә ҳәамҭақәа рзыркуеит абарҭ аинтерес зҵоу акәашарақәа; «Аршышра кәашара», «Баланач», «Ауапа ҟаҵацәа рыкәашара» уб. иҵ. Зыӡбахә ара иҟоу зегьы ауапаҟаҵацәеи, егьырҭ ацәҩыча ӡахыҩцәеи рыкәашаракәа роуп ҳәагьы иҧхьаӡоуп. Ажәлар урҭ бзиа ибаны «ҳашьха каҧ-каҧқәа» ҳәа ирышьҭан. Ҳазааҭгылап акәашара « Лалзын» захьӡу. Уи имариам, аха аинтерес зҵоу хореографиатә еиҿкаароуп.

 

«Лалзын» захьӡу акәашара аҧсуа ҭыҧҳацәа ҷыдала рҽазыҟарҵон. Акәашацәа рышәҵатәқәа еиҧшӡамызт, избан акәзар зегьы дара рхала рыҵкқәа рӡахуан, иқәырҵон, иара убри алагьы дасу рҟазареи рхатәы сахьаркыратә гьамеи аадырҧшуан. Аҧсуа ҭыҧҳацәа ахеиҿкаара аҿы мацара акәӡамызт иахьеицлабуаз, еицлабуан ацәҩыча архиараҿы, арҧшӡараҿы. Ажәлар ирзеиҧшу аныҳәақәа раан, аҧсуа ҷкәынцәа рыҧсҭазаара рыцеиҩыршарц иалырхуаз зегьы реиҳа зҟазара ҳаракыз аҭыҧҳацәа ракәын. Ус еиҧш иҟаз аҭыпҳацәа ажәлар рҿы  « аҵыс мҩас асахьа ҭызхуа» ҳәа ирышьҭан. Арҭ ажәақәа аҭыҧҳа лара лнапала илӡахыз амаҭәақәа рзы зегьы иреиҳау хәшьаран, рҽхәаҧхьаӡын. Ажәакала, « Лалзын» захьӡу акәашара ажәытәан азеиҧш ныҳәақәеи, аҽқәа рыла аицлабрақәеи рҿы еиҳараӡак иназыгӡоз аҭаацәара иаламлацыз аҭыҧҳацәа ракәын.

 

Акәашара иалагон абарҭ ажәақәа злаз, иҭынчыз, инаалаз ашәа абжьы инақәыршәаны;

 

Амузика атакт рҽақәыршәаны, аҧсаатә реиҧш рымҵәыжәҩақәа еиҵыхны, иӡса-ӡсо иаақәлон аҭыҧҳа ҧшӡақәа. Ихагьежьуа мацара, урҭ рыкәашараҿы еиуеиҧшым асахьақәа еиҿыркаауан, ахыркәшамҭазы иааикәагылоны икәашон, рыгәҭа дықәгьежьаауа днықәлон лҟазара аарҧшуа акәашацәа руаӡәк. Рыкәашара аамҭа иҭагӡаны иалахәу аҭыҧҳацәа зегьы знык-знык адамхаргьы акәашацәа рыгәҭа иаагыланы икәашар акәын, зегьы ирбар акәын дасу рҟазара. Акәашара зны иласхон, атемп азҳауан, нас еиҳа иҭынчхон, иара убри ала акәашацәа рыкәашашьа алирика ацәа ахалон.

 

Дара иугәаладыршәон апытра иаҿу агәилшәҭ, ма зымахәқәа лашьҭны, зылаӷьырӡ лашьҭуа игылоу аҵла, зны-зынлагьы амшын ацәқәырҧа; аҵыхәтәаны акәашацәа зегьы амра ашәахәақәа реиҧш рҽыҧсаҟьо еимпуан, нас иааикәшаны, амра асахьа ҭыхуа,  иаагылон. Ари акәашараҿы иҟоуп агәы аҵа иҭаҵәаху алахьеиқәра, ишәаӡыӡуа агәыӷра ҧхьаҟа дасу иаҭәоу аразҟы азы.

 

Ара иалацәажәахоит « Ахьча заҵә икәашара» ҳәа хьӡыс измоу акәашара. Ари акәашара назыгӡоз ашьха иҟаз ахьшьцәа ракәын. Уи абас иалагон;  Ахьча илабашьа лаирсуан, нас дықәгьежьаа, дкәаша-кәашо даақәлон; ихылаҧа наганы илабашьа иахеиҵон, ичарқьез маҭәагьы адкнеиҳалон, абас иара итәала еилеиҳәон; уи алабашьа иара изы дхәаҧшҩын. Уи ашьҭахь аҿарпын аашьҭыхны аркәашага мелодиа арҳәара далагон, ихаҭа уи ала акәашара иҽазирхион. Нас иҿарпын нышьҭаҵаны, еилаҳәаны иргылаз илабашьа дакәшо акәашара далагон, илымҳа ааскьа иааҭаҩыз амелодиа иҽнақәыршәаны.

 

Акәашара амҩаҧысшьа; акырынтә дхагьежьуа дкәашон, нас илабашьа аҧхьа дааины, анапы еиннаҟьозшәа иҭабуп ҳәа деихырхәо днаскьон; уа игылоу аҭыҧҳа дицкәашарц азы даалыҧхьазшәа ҟаҵо, дшьацәхартәны, длывагьежьуа акәашара далагон, нас икәашара хыркәшо, изныкымкәа длеихырхәо наҟ дцон. Маҷк иҧсы ааиҭакны деиҭахынҳәуан аҭыҧҳа илеиҽырбо арҧыс исахьа иҭаны, нас уи аҭыҧҳа ара дыҟоушәа длыцкәашо иҿынеихон. Дкәашон иара ихы шьҭкәыцәаа ашьхарҧыс ишиаҭәоу еиҧш, ибӷа риашаны икны, дшьацәхартәуа, иааиҧхьаз аҭыҧҳа длывагьежьуа. Ари апантомимикатә ҟазшьа змоу акәашара иахьагьы ашьхақәа рҿы ахьшьцәа инарыгӡоит рыҧсы аныршьо аамҭақәа раан. Абраҟа иазгәаҭатәуп зегьы ишрылымшо ари акәашара анагӡара, уи зылшо амузика зныруа, актиортә ҟазара  зцәа иалоу заҵәык роуп.