ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ашәҟәҭаҩрала арепатриант истатус аиура аҧҟара инақәыршәаны

Ашәҟәҭаҩра аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиура рылшоит – хылҵшьҭрала иаҧсуаау (абаза), аурыс-кавказтә, аурыс-ҭырқәатә еибашьрақәеи, иара убас XIX ашәышықәсазы аҭыҧ змаз егьырҭ ахҭысқәеи ирыхҟьаны зҭоурыхтә нхарҭа дгьылқәа ирыхцаз аҧсуа (абаза) хылҵшьҭрақәа.

 

Арепатриант истатус ашәҟәҭаҩра аҧҟарала аиуразы хымҧада иаҭахуп абарҭ ашәҟәқәа;

 

  • арепатриант истатус иҭаразы ахҳәаа;
  • аиира аршаҳаҭга шәҟәы ахкьыҧхь;
  • Апаспорт ахкьыҧхь;
  • уаанӡа иахьынхоз иҟоу аҳәынҭқарратәи, ма аҧсуа милаҭтә-культуратә органқәа ирҩыз ашәҟәы, ма 2 – 3  репатриантцәа, мамзаргьы уи атәыла иалиааз, иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра змоу арепатриант астатус аиуразы арзаҳал  алазгалаз дшаҧсуоу, насгьы Аҧсны, зҭоурыхтә ҧсадгьыл, ааныжьра зықәшәаз дшырхылҵшьҭроу ашьақәырӷәӷәаразы ирҩыз ашәҟәы.

 

Ашәҟәқәа  зегьы харҭәаазар ауп аҧсышәалеи  ма урыс бызшәалеи. Ашәҟәы ахаҭа даҽа бызшәак ала ихарҭәаазар, усҟан уа иагәылаҵатәуп аҧсышәалеи, ма урысшәалеи ихарҭәааны амҳәыр заархоу ашәҟәы ахкьыҧхь.

 

Ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәоу  ашәҟәқәа нашьҭхоит Аҧсны Аҳәынҭқарра  арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет ашҟа. Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет аҟны ашәҟәы анроулакь мызкы аҩнуҵаҟа аӡбара рыдыркылоит.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет аҿы ирыдыркылаз аӡбарала арепатриант истатус иҭара мап ацәкызар, арепатриант истатус аиура иашьҭаз илшоит дашшыр ирыдыркылаз аӡбара дшақәшаҳаҭым азы  аусӡбара аҧҟара инақәыршәаны.

 

Арепатриант истатус ирмариоу аҧҟарала аиура

 

Ирмариоу аҧҟарала  арепатриант истатус аиура рылшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант истатус зауз иҭынхацәа х-абиҧарак ирыҵаркуа (ан, аб, ахәыҷқәа, амаҭацәа, аеҳәшьцәа, аешьцәа, андуцәа, абдуцәа).

 

Ирмариоу аҧҟарала арепатриант истатус аиуразы иаҭахуп абарҭ ашәҟәқәа ралагалара;

  • арепартриант истатус аиуразы аҳәара зныҧшуа арзаҳал;
  • арепатриант истатус зауз  дшиҭынхоу шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы ахкьыҧхь;
  • арепатриант истатус ауа иширҭаз шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭгатә шәҟәы ахкьыҧхь;
  • апаспорт ахкьыҧхь.

 

Ашәҟәқәа зегьы харҭәаазар ауп аҧсышәалеи. ма урыс бызшәалеи.

 

Ашәҟәы ахаҭа даҽа бызшәак ала ихарҭәаазар, усҟан уа иагәылаҵатәуп аҧсышәалеи ма урыс бызшәалеи ихарҭәааны амҳәыр заархоу ашәҟәы ахкьыҧхь.

 

Ишахәҭоу еиҧш еиқәыршәоу ашәҟәқәа нарышьҭуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭкарратә комитет ашҟа, уа мчыбжьык аҩнуҵҟа иахәҭоу аӡбара рыдыркылоит.

 

Аибашьрақәа ахьцо, амилаҭбжьаратәи, иара убас егьырҭ аиҿагыларақәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы инхо, зыҧсҭазаара, згәабзиара, зполитика, зсоциалтә зинқәа, зхақәиҭрақәа ашәарҭара иҭазыргыло аҭагылазаашьа зауз, насгьы абызшәатә, амилаҭтә, адинтә, арасатә ҷыдарақәа рзы ашьклаҧшыҩцәа заурц зылшо ҳџьынџьуаа зегьы, иара убас азин рымоуп ирмариоу аҧҟара инақәыршәаны арепатриант истатус аиура.

 

Убри азы дара Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет ашҟа инаргоит Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриант истатус аиура шырҭаху азы иҟарҵо аҳәара зну арзаҳал.

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә комитет аҿы арзаҳалқәа рҿы иарбоу ахьынӡаиашоу азгәарҭоит, нас арзаҳал анроу инаркны ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа иахәҭоу аӡбара рыдыркылоит.