Аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ирхыԥхьаӡалоу Омар Беигәаа диит 1901 шықәса, ԥхынгәымза 1 азы ақыҭа Ефҭени Ҳаџьыс. Беигәаа ихаҭа иажәақәа рыла, уи ақыҭа аԥсышәала хьӡыс иаман «Ашәы Ҳаџьы иқыҭа», мамзар «Ашәаа рқыҭа» ҳәа. Беигәаа диит, иагьизҳаит Ҭырқәтәыла, аха ижәла аҭоурых даараӡа ибзианы идыруан. Убас, апублицист, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәаоит: «Саб Баирам…