01
02
03
04
05
06

Шьамтәылатәи Арабтә республика ар реинрал-маиор Уалид Маршьан диит 1948 шықәсазы Аль-Кунеитра ақалақь аҿы. Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспораҿы еснагь активра ду аазырԥшуаз Уалид Маршьан иҟаиҵаз маҷым аԥсуа жәлари ашьам жәлари реизааигәатәразы. Маршьан изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан.

Шьамтәыла еиуеиԥшым амаҵура ҳаракқәа дырхагылан. 2005 шықәса алагамҭазы ԥхьатәара дцеит, аха 2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра ианалага хатәгәаԥхарала жәлар рхамҭаратә отриад аԥиҵеит, уи иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп. 2013 шықәсазы Уалид Маршьан дахагылеит Башар Асад ипартиа - Аль-Кунеитра ақалақь аҟны арабтә социалисттә еиҭеира апартиа. Абри амаҵураҿы иара инаҩс дгылеит иԥеиҳабы Ҳалиҭ. 2017 шықәса жьҭаара 14 рзы Уалид Маршьан иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа ицәа иалаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны.

Аԥсуа-абаза жәлар иналукааша рхаҭарнак, шьамтәылатәи ар реинрал Уалид Маршьан ибаҟа аадыртит Аԥсны Арепатриациазы еилакы ашҭаҿы 2019ш.  Абаҟа авторс дамоуп аскульптор Витали Џьениа.